Арадио

Ҷкотуа еиҭеиҳәеит алифтқәа русура аангылара еиҳарак изыхҟьо

Аҳҭнықалақь аҿы алифтқәа рыԥсахра апрограмма иацҵахома сынтәа, насгьы дара ишахәҭоу еиԥш рхылаԥшраҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаплакы "Аԥснылифт" адиректор Ҭемыр Ҷкотуа.
Sputnik
Ҷкотуа еиҭеиҳәеит алифтқәа русура аангылара еиҳарак изыхҟьо

"Иахьазы 120 лифт ԥсахуп, еиҭа 300 ԥсахтәны иаанхоит.  Алифтқәа еснагь урхылаԥшлароуп, аус рыдулалатәуп. Ауаа ииашамкәа рхы иахьадырхәо аҟнытә ирласны русура аангылоит. Алифтқәа русура иаԥырхагоуп алашара аиҭакрагьы, уи иаразнак анырра анаҭоит. Дара рыԥсахра ус имариам, уи азы аус ауеит иҷыдоу апрограмма, аинвестпрограмма. Аҳҭнықалақь аҿы сынтәа ишьақәҳаргыларан иҟоу алифтқәа рхыԥхьаӡара еилкаам, афинансқәа рганахьала ҳшааиқәшәалак, аусурақәа ҳрылагоит, хышықәса рыҩныҵҟа зегьы ҳаԥсахыртә ҳаҟоуп. Акы ҳанаҳьымӡо, Урыстәылантәи аусзуҩцәа ааҳгоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.