Басариа: Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагап ҳәа ҳгәыӷуеит

Жәабран 20 инаркны Аԥсны иахьаҵанкуа зегьы афымцалашара дырцәалоит асааҭ 11:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ус ишааҟалалак, ареспублика иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара аанкылахоит ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аиҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа.

"Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи афымцалашара ҳауа ҳшалагалак, АИХ рыла адырра ҟаҵаны, алашара арцәара аанаҳкылоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Адепутат далацәажәеит афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара

Басариа иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахькаҳаз азы шакәу. Иара иажәақәа рыла, уажәтәи аҭагылазаашьа иалнаршоит миллионки 200 киловатт-сааҭ аекономиа аҟаҵара.

"Ҳәарада, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ауааԥсыра рҭагылазаашьа уадаҩ, аха аекономиа заҟа ҳзыҟаҵо аҟара, ҳауадаҩрақәагьы аԥыххоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Иара убасгьы, иазгәеиҭеит афымцамч аушьҭраан астанциаҟәшақәа амчхара рзымычҳакәа, ишыԥхасҭахо.

"ЕгрыГЕС аусура аанкылатәхоит аӡы аҩаӡара 420 метра рҟны ианнеилак. Усеиԥш ҟамларц азы иӡбоуп жәабран 20 инаркны (асааҭ 11:00-14:00 рзы) Аԥсны иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы афымцаларашара арцәара. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аанкылахоит Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагаанӡа", - ҳәа азгәаҭан "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура аҳәамҭаҿ аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара амзызқәа азгәаҭо.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала, ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит.

"Аԥсныбылтәы" афымцалашара арцәаразы: агаз азхара ҳамоуп

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.