Twitter аҿы Трамп Голантәи аҳаракырақәа разхаҵара далацәажәоит

Америка ахада Дональд Трамп ажәалагала ҟаиҵеит Голантәи аҳаракырақәа Израиль анапаҵаҟа аҟазаара азхаҵазарц.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. ЕАА рхада Дональд Трамп Twitter аҿы иҩуеит Вашингтон Голантәи аҳаракырақәа Израиль иатәны иахәаԥшыроуп ҳәа, уи ашәарҭадара азҵаарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

​Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху Вашингтонҟа днеираны дыҟоуп Трамп иаԥшьгамҭазы иҭабуп ҳәа иеиҳәарц.

Шьамтәылеи Урыстәылеи ЕАА апозициазы: "аколониалтә хәыцшьоуп"

Иара фырхаҵарак аҳасаб ала дахәаԥшуеит Америка ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа, иара убасгьы иҳәеит "Иран Израиль ақәгаразы Шьамтәыла плацдармк аҳасаб ала ахы ианархәоит" ҳәа.

"Трамп Голантәи аҳаракырақәа рганахьала, иара убас Шьамтәыла, Иран ирыдҳәалоу аҭагылазаашьақәа, ашәарҭадареи аԥшыхәреи рзы ҳусеицуреи рзы сиҿцәажәараны сыҟоуп", - иҳәоит Нетаниаху.

Дамаск акәзар, Трамп иҳәамҭа иарбанзаалак зинтә шьаҭак амам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Шьамтәыла ари аҳәамҭа аиӷаратә ҟазшьа змоу, ҭакԥхықәра зцым, изызхәыцым шьаҿаны иаԥхьаӡоит. Уи Мрагылара ааигәеиԥш, адунеи зегьы ашәарҭадара ҵнашәаауеит. Америка ахымҩаԥгашьа ЕАР Ашәарҭадаратә хеилаки Ассамблеиа хадеи Голантәи аҳаракырақәа рызҵаара аганахьала ррезолиуциақәа еиланагоит. Аҳәамҭа ЕАР аԥҟаԥҵәеи жәларбжьаратәи азинқәеи акала ирықәшәом", - ҳәа ЕАР иҟоу Шьамтәыла ахаҭарнак Башар аль-Джаафари иажәақәа аанагоит амаҵзура РИА Новости.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Голантәи аҳаракырақәа рыстатус аԥсахра ЕАР аӡбамҭақәа ӷәӷәала еиланагоит ҳәа.

Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи ракетала ирылахысуан

Евроеидгыла адипломатиатә корпус аиҳабы Маиа Косианчич иазгәалҭеит Евроеидгыла Голантәи аҳаракырақәа Израиль иахәҭакны ишамыхәаԥшуа.

Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иахәҭакын 1967 шықәса рҟынӡа. Уи ашьҭахь арҭ аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагахьан аибашьрақәа ирылҵшәаны. Анаҩс, 1973 шықәсазтәи аидыслара ашьҭахь, еицеиқәшаҳаҭны аҩ-ҳәынҭқаррак рарбџьармчқәагьы алыргахьан. 1974 шықәсазы ЕАР аҭынчрашьақәыргыларатә ар алагалан. 2013 шықәсазы атеррористцәа аналала ашьҭахь, ЕАР рымчқәа арҭ адгьылқәа рҟынтәи иқәыргеит. 2018 шықәсазы Шьамтәыла Израиль иазааигәоу апровинциа Ель-Кунеитра анапахьы иаанагеит. Убри ашықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаҩцәа ҩаԥхьа ари азона ахылаԥшра иалагеит.