Шьамтәылеи Урыстәылеи ЕАА апозициазы: "аколониалтә хәыцшьоуп"

© AFP 2023 / Khalil MazraawiСирийские беженцы в лагере Рукбан . Архивное фото
Сирийские беженцы в лагере Рукбан . Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алагер "Рукбан", агуманитартә рыцҳара иахьагьы  аҭыԥ ахьамоу, атеррористцәа рнапаҿы иҟоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Урыстәылеи Шьамтәылеи Еиду аштатқәа ахара адырҵоит ахҵәацәа рлагер аҿы иҟоу аҭагылазаашьазы, ахымҩаԥгашьагьы "аколониалтә хәыцшьоуп" ҳәа ахырҳәаауеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАА алагер Рукбан  - Sputnik Аҧсны
ЕАА алагер "Рукбан" аҟынтәи агуманитартә операциа ԥнарҟәҟәааит

"Вашингтон хьаасгьы иамам иара ахарала алагер аҿы агуманитартә рыцҳара ҟаланы иахьыҟоу. Убри аан иҟоу аҭагылазаашьа Урыстәылеи Шьамтәылеи рхаратәра аҽазнашәоит. ЕАА азы ифеидоуп алагер аҿы иҟоу", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адырра ҟанаҵоит алагер аҿы аҭыԥ рымоуп ҳәа: заанатәи аҭаацәаралалара, аӷьычра, ацәаԥҽра, ауаа ркыдцалара, афатә тәра, аӡыржәтә азымхара апроблема ҳәа.

Алагер алҵразы аӡәы иҟынтәи 300 доллар рҭахуп. Уа уи аҩыза алшара аӡәгьы имам.

Иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәылеи Шьамтәылеи адунеитә уаажәларра рахь аҳәамҭа ҟарҵоит алагер апроблема иалацәажәазарц адунеитәи жәларбжьаратәи аиԥыларҭа ҭыԥқәа зегьы рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0