АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи НАТО-и реицҽазыҟаҵара амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит ҳәа иахәаԥшуеит.
Қырҭтәыла мраҭашәаратәи апартниорцәа рҳәамҭақәа аӡәгьы оумашәа ибом. Урҭ Вашингтони Бриуссели рпропагандатә риторика иаҵанакуеит. Асеиԥштәи аҳәамҭақәа рыла дара Қырҭтәыла анапхгара агәыӷра рырҭоит, рмилитаристтә гәаҳәара иаздырҳауеит, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи реиҿкаара ҵнашәаауеит.
Қырҭтәыла НАТО иалахәылахап ҳәа аҽазышәара иунарбоит аҭынчра баша ажәаны ишахәаԥшуа. Аофициалтә хаҿқәа иарбанызаалак "ражәа ҟәандақәа" ирзыҵәахуам Қырҭтәыла мраҭашәаратәи рпартниорцәа рыцхыраарала арратә потенциал аизырҳара гщётакыс ишамоу.
Агәра аагоит Қырҭтәылеи НАТО-и еиҳа-еиҳа реизааигәахара Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәеи жәларбжьаратәи рыбжьаҟазацәеи ралацәажәара шхымԥадатәиу.
Аахыҵ Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи рыҵшәаара еиҿамсрада ишаԥырҟәҟәаахо рдыруазааит, рҳәеит аусбарҭаҟны.
Акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа "НАТО – Грузия 2019" хацыркын хәажәкыра 18 рзы, Қарҭ амҵан иҟоу Ацентртә ҵакырадгьыл аҿы. Урҭ ирылахәуп 24 тәыла. Аҽазыҟаҵарақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуан Қырҭтәыла Аштаб хада акомандаҟаҵарала.
Муҳамед Кьылба НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭазы: иҿыцу ҳәа акгьы рымҳәеит