АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы иарбанзаалак иҿыцу акгьы имҳәаӡеит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба, Sputnik аинтервиу аҭо.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қарҭ дааны дыҟоуп алианси Қырҭтәылеи иеицымҩаԥырго арратә ҵарақәа рылахәхаразы. Столтенберг агәрагара имоуп Қырҭтәыла хымԥада ԥхьаҟа алианс ишалахәхо азы, аха убри аан алианс алалара аҿҳәарагьы даламцәажәеит, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыда уи алалара алшо иалымшогьы имҳәеит.
Қырҭтәыла – НАТО иҷыдоу апартниор ауп. 2008 шықәсазтәи Бухаресттәи асаммит аӡбамҭа амчра аманы иҟоуп, Қырҭтәыла ԥхьаҟазы хымԥада алианс иалахәылахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Асеиԥш аҳәамҭақәа уаанӡагьы иҟарҵахьан, НАТО анапхгарагьы убрахь иналаҵаны. Қырҭтәыла ҳсуверенитет азханаҵар ауеит анысҳәо, ихазымҵо рацәаҩуп, аха Столтенберг иҳәамҭа сажәақәа шьақәдырӷәӷәоны избоит", - иҳәоит Кьылба.
Иҟалар алшоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет Қырҭтәыла иазханаҵар алзыршо аҭагылазаашьақәа.
Муҳамед Кьылба иазгәаҭарала, Қырҭтәыла хәҭа-хәҭала алианс иалаларгьы алшоит.
Қырҭтәылеи НАТОи реинырра хацыркхеит 1994 шықәса рзы, атәыла апрограмма "Партнерство ради мира" ианалахәылаха ашьҭахь. 2004 шықәсазтәи аиҭакрақәа рышьҭахь ари аинырра еиҳагьы аҽарҭбааит.
Қырҭтәыла НАТО алианс ишалалаша атәы иалацәажәеит
2008 шықәса рзы Бухарест имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы иҳәан Қырҭтәыла ԥхьаҟа алианс иалахәылахар ҟалоит, алианс астандартқәа ирықәшәо иҟалар ҳәа.
2014 шықәса цәыббра 4-5 рзы Уельс имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы ишьақәырӷәӷәан алианс алаларазы Қырҭтәыла имҩаԥнагаша ауснагӡатәқәа рыхьӡынҵа.