Иенс Столтенберг иҳәамҭа ахҳәаа ҟанаҵеит Аԥсны ААР

© Sputnik Александр Шламов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНАТО-и Қырҭтәылеи еицымҩаԥырго арратә ҵарақәа
НАТО-и Қырҭтәылеи еицымҩаԥырго арратә ҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НАТО-и Қырҭтәылеи еицымҩаԥырго арратә ҵарақәа рылахәхаразы Қарҭ иааны иҟоу алианс Амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Урыстәылахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, иагьазгәеиҭеит алианс Қырҭтәыла аҵакырадгьыл акзаара ишадгыло.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи НАТО-и реицҽазыҟаҵара амилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауеит ҳәа иахәаԥшуеит.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг - Sputnik Аҧсны
НАТО ааԥхьара ҟанаҵеит Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иацәхьаҵырц

Қырҭтәыла мраҭашәаратәи апартниорцәа рҳәамҭақәа аӡәгьы оумашәа ибом. Урҭ Вашингтони Бриуссели рпропагандатә риторика иаҵанакуеит. Асеиԥштәи аҳәамҭақәа рыла дара Қырҭтәыла анапхгара агәыӷра рырҭоит, рмилитаристтә гәаҳәара иаздырҳауеит, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи реиҿкаара ҵнашәаауеит.

Қырҭтәыла НАТО иалахәылахап ҳәа аҽазышәара иунарбоит аҭынчра баша ажәаны ишахәаԥшуа. Аофициалтә хаҿқәа иарбанызаалак "ражәа ҟәандақәа" ирзыҵәахуам Қырҭтәыла мраҭашәаратәи рпартниорцәа рыцхыраарала арратә потенциал аизырҳара гщётакыс ишамоу.

Группа кораблей четырех стран НАТО зашла в порт Одессы - Sputnik Аҧсны
НАТО Урыстәыла аҳәаа ааигәара амчрақәа еизнакуеит

Агәра аагоит Қырҭтәылеи НАТО-и еиҳа-еиҳа реизааигәахара Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәеи жәларбжьаратәи рыбжьаҟазацәеи ралацәажәара шхымԥадатәиу.

Аахыҵ Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи рыҵшәаара еиҿамсрада ишаԥырҟәҟәаахо рдыруазааит, рҳәеит аусбарҭаҟны.

Акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа "НАТО – Грузия 2019" хацыркын хәажәкыра 18 рзы, Қарҭ амҵан иҟоу Ацентртә ҵакырадгьыл аҿы. Урҭ ирылахәуп 24 тәыла. Аҽазыҟаҵарақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуан Қырҭтәыла Аштаб хада акомандаҟаҵарала.

Муҳамед Кьылба НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭазы: иҿыцу ҳәа акгьы рымҳәеит

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0