Аԥсныи Краснодари амедицинатә усзуҩцәа аицуснагӡатәқәа рыплан азыԥхьагәарҭеит

Аԥсныи Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи амедицинатә усзуҩцәа аицуснагӡатәқәа рыплан азыԥхьагәарҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа еиҳа инарҭбаау амедицинатә цхыраара рыҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, Мшаԥы 2 – Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсала реиқәыршәара азҵаара иалацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулини Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови.

Амедицинатә ԥгаԥса ала 1500-ҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа ацхыраара роуеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит Аԥсныи Краснодартәи атәылаҿацәи рмедицинатә усҳәарҭақәа рыбжьара аусеицура шымҩаԥысло, аицусуратә гәыԥ шаԥҵахо.

"Ҳара ҳзы ихадараны иҟоу ҳчымазцәа аиҳарак Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иахәҭаны иҟоу, атехнологиа ҳаракқәа ирыҵаркуа ацхыраарагьы абрахь иналаҵаны ироуртә аҟаҵароуп", - ҳәа иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин иазгәеиҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа амедицинатә цхыраара еиҳа хаҭабзиараыла ироурц азы ауснагӡатәқәа шымҩаԥгахо.

"Краснодартәи ҳколлегацәа Аԥсныҟа иаалоит, аԥснытәиқәа ракәзаргьы уахь инеилоит аԥышәа аимдаразы. Абри зегьы ацхыраара ахаҭабзиара иахәарҭаны иҟалоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Иҟаҵатәузеи ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы