АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афедералтә фонд аҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла 1500-ҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭоуп иҳәеит аилатәараҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
"Аиҳарак ацхыраара ҟарҵоит Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласт, ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург рмедицинатә усбарҭақәа. Апроект аусура иалагеижьҭеи акгьы ҵуам азы иҟан апроблемақәа зауз ахаҿқәагьы. Аҭыԥ змаз апроблемақәа Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаинырны еицаҳаӡбеит", - ҳәа иҳәоит иара.
Иахьатәи аамҭазы ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рымоу 50 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
2017 шықәса рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи рнапы аҵарҩит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҟны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа амедицинатә ԥгаԥса рыҭара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.
Убри инақәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу зегьы ирыҭахоит хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполиусқәа.
2017 шықәса жьҭаара 16 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу амедицинатә ԥгаԥсазы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла аԥгаԥса роураны ишьақәыргылан 190 000-ҩык ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.