АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи фҩык абитуриентцәа Урыстәыла АҶА аҵараиурҭақәа ирҭалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Фҩык рҟынтәи ҩыџьа аграждантә хьчара Академиаҿ аҵара рҵалоит, ԥшьҩык – Аҳәынҭқарратә амцаҽацәыхьчаратә академиаҿ.
Абри аҩыза аӡбара рыдкылан Аԥсны АҶА аҿы имҩаԥысуаз аԥышәарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны. Абитуриентцәа аԥышәарақәа рҭиуан афизика, аматематика, аурыс бызшәа, абаҩрҵәыра рзы.
"Ҳара хылаԥшра аҳҭоит заҟаҩы атәанчара ицаз, убри иаҿырԥшны аҿар аҵарахь иҳашьҭуеит. Сынтәа фҩык аҵарахь ицеит, аха иаҳҭахуп даҽа ҩ-ҭыԥк ҳзалырхрацы, хәышықәса рышьҭахь авакансиақәа зегьы ҭәны иҟаларцаз", - еиҭеиҳәоит Кәыҵниа.
Аԥсны АҶА шьаҭаркуижьҭеи 13 шықәса ирықәуп.
"Ари амаҵзура ҳара ҳзы иҿыцу хырхарҭан азы, амаҵзура анаԥҵаха ашьҭахь урыстәылатәи ҳколлегацәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит ацхырааразы. Уажәы аҟазауаа разырхиара ҳаҿуп. Атәанчара ицо, зықәра иҭысуа рцынхәрас аҿыццәа рыла ихаҳарҭәаауеит аҭыԥқәа", - иҳәеит Лев Кәыҵниа.
Уажәы иҟоуп аҭагылазаашьа ауаа профильла иақәнагоны иҳадаҳкылартә еиԥш ҳәа иҳәоит аминистр.
Аԥснынтәи астудентцәа Урыстәыла рҵараҵара мҩаԥысуеит 2010 шықәса рзы анапы зҵаҩыз Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. 2011 шықәса раахыс 35-ҩык Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи АҶА аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Иахьа дара Аԥсны АҶА аҿы амаҵ руеит.