Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа АҶА амедицинатә усбарҭазы: даара иаҭаху усуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Кәыҵниа
Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҟны амедицинатә усбарҭа аԥҵара лшарақәас иаанарто атәы арадио Sputnik Аԥсны еиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.
Кәыҵниа АҶА амедицинатә усбарҭазы: даара иаҭаху усуп

"Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҟны амедицинатә усбарҭа аԥҵара аҭахны ишыҟоу ҳнарбоит аҭагылазаашьа. Уи азы иҟаҳҵахьеит шьаҿақәак. Асанитартә авиациа акәзар ҳнапы алаҳкхьеит. Иҳамоу авертолиот, убасгьы амашьынақәеи рыла аус ҳуеит ашьха, агаҿа, ацхыраара зҭаху ачымазцәа ирзыҟаҳҵоит. Ҳаԥхьаҟа гәҭакыс иҳамоуп ареабилитациатә центр аиҿкаара. Уи ҳара ҳзы мацара акәым, аус хьанҭақәа знапы рылакәу ареабилитациа зҭаххо рацәаҩхоит Аԥсны анҭыҵынтә. Ҳагәҭакқәа ишаҳҭаху иаҳзынагӡар Урыстәылантәигь иааны ацхыраара роур алшоит. Амашәыр бааԥсқәа  раан ауаҩы аҭыԥаҟны иаарласны иеиқәырхара атәы  иадҳәалоуп аминистрраҟны амедицинатә усбарҭа аиҿкаара. Зны-зынла  иаҳбалоит ачымазаҩ иҭагылазаашьа аныхьанҭоу машьынала акәымкәа Урыстәылаҟа игара шаҭаху. Уи инадҳәаланы авиациа аганахьала Шәача аҳаирбаӷәаза аиҳабы иҟны аицәажәарақәа ҳаман. Даара иаҭаху усуп ҳәа сгәы иаанагоит. Абарҭ ахырхарҭакәа ҳзеиҿкаар алҵшәа ӷәаӷәахоит, иахьатәи ҳмедицина иацхраауеит", -ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0