Урыстәылатәи аруаа "Аиааира адиктант" рыҩраны иҟоуп

Акциа "Аиааира адиктант" Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 74-шықәса ахыҵра иазхоуп. Имҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 7 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 74-шықәса ахыҵра иазхоу ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа "Аиааира адиктант" рыҩраны иҟоуп, ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Иазгәаҭоуп адиктант аҩра амш аҽны, лаҵара 7 рзы, изҭаху зегьы абри ауснагӡатә рхы аладырхәыр, рдыррақәа ԥыршәар ҟалоит ҳәа. Иазыԥхьагәаҭоуп 2000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра адиктант аҩра ралахәхара.

Акциа алахәылацәа сааҭк аҩныҵҟа жәаҩа зҵаара рҭак ҟарҵароуп.

Анкетаҿ азҵаарақәа рызкуп аибашьра арыцхәқәа, ахҭысқәа, аҭоурыхтә хаҿқәа, арратә епоха аплакатқәа, уи атема иазку асахьаркыратә литература.