Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

Лаҵарамза 7-8 рзы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа делегациа Нхыҵ-Кавказтәи аиашьаратә республикақәа ирҭааит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Лаҵарамза 7-8 рзы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа делегациа усутә визвитла Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа - Ҟабарада-Балкариеи Ҟарачы-Черқьесиеи ирҭааит.

Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп

Аделегациа аилазаараҿы иҟан: Сҭампыл иеиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба, Сҭампылтәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Шамил Ешба, Аԥсуа федерациа алахәыла, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Ҭырқәтәылатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ведаҭ Меқьер, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, ахаҭарнак ицхырааҩ Асҭамыр Багаҭелиа.

Аделегациа Нхыҵ Кавказ рыҟазаара атәы хықәкыс иамази, уи шаԥшьгахази ртәы дазааҭгылеит Вадим Ҳаразиа.

"Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ҵыԥх Аԥсны ианымҩаԥысуаз еибабеит Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ҳашьцәеи дареи. Еилыркааит Нальчики Черқьесски ахеидкыларақәа шыҟоу, урҭ реиҳабацәеи дареи еицәажәеит апҳьаҟа аимадара рыбжьарҵарц азы. Володиа Ԥшьеноков напхгара азиуеит автономтә аиҿкаара Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵааратә центр "Абаза", Ҟабарда-Балкариа Ареспублика акультуратә фонд иахәҭаку амилаҭтә культуратә центр "Аԥсны" еиҳабыс дамоуп Қацәба-Куҷаԥшьева Инга, Черқьесск ақалақь аҿы аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иазку Жәларбжьаратәи аидгылара "Алашара" напхгара аиҭоит Мураҭ Муков", - иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа хеидкылақәеи Нхыҵ-Кавказтәи ахеидкылақәеи аусуреи, аиҩызареи, аиашьара аҳәаақәа рырҭбаареи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц аицәажәара мҩаԥыргеит.

Аламиа аԥсуа- абаза жәлар рконгресс иазкны: ҳбызшәа шеиқәҳархаша ҳазааҭгылоит

"Сара мызкы аԥхьа Нальчики Черқьесски сыҟан, аилацәажәара арыцхә азгәаҭан усҟан лаҵарамза 7-8 рзы ҳәа. Наҟгьы-арахьгьы аимадара бжьаҵаны, аиқәшаҳаҭра хбызшәакны - аԥсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала иахәаԥшны, иҭҵааны, аус адуланы еиқәыршәан", - иҳәеит Ҳаразиа.

Ҟабарда-Балкариа иҟоу Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара ацентр "Абаза" анапхгаҩы Владимир Ԥшенокови, Ҟабарда-Балкариа Ареспублика акультуратә фонд иахәҭаку амилаҭтә культуратә центр "Аԥсны" анапхгаҩы Инга Қацәба-Куҷаԥшьевеи, Ҭырқәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысбеи аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

 

Адырҩаҽны, Черқьесск ақалақь аҿы аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иазку Жәларбжьаратәи аидгылара "Алашара" анапхгаҩы Мураҭ Мукови Ҭырқәтәыла иеиҿкаау Аԥсуа федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысбеи убри аҩыза аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

"Ҭырқәтәылеи Нхыҵ Кавкази иҟоу ҳажәларқәа рыбжьара аимадара абжьаҵара, аусеицура арӷәӷәара, аԥсуа-абаза жәлар ркультура адырра, адгылара, арҵаулара, асоциалтә етнос ахьчара уҳәа аиқәшаҳаҭраҿы иану азгәаҭақәа маҷым. Зегь раԥхьа иргыланы аҿар реибабара, аспорт, акультура, аҵарадырра уҳәа иззааҭгылоу азҵаарақәа рацәоуп, хымԥада аԥхьаҟа уи аҿиара аиуроуп. Иааидкыланы ахәҭаҷқәа жәаба ыҟоуп, гәахәарыла ирыдкылан, ажәлар рацәа еизеит, ныҳәа ҳасабла имҩаԥысит Нальчикгьы, Черқьесскгьы", - азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Амҷыԥҳа: аԥсуааи, абазақәеи, адыгақәеи адунеиаҿ шаҟаҩ ыҟоу аилкаара ҳашьҭоуп>>

Ҭырқәтәылантәи инеиз аделегациа Нальчик иҟаз ацентрқәа зегьы ирыдыркылеит. Иара убас, Черқьесскҟа ианцоз иаҭааит Аԥсны Афырхаҵа, аинрал Сулҭан Сосналиев иҳаҭгәын. Ельбурган араион аҟны еицырдыруа абаза поет Кьерим Мыхца 70 шықәса ихыҵра иазкыз агәаларшәаратә хәылԥазы иалахәын.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

 

"Уаҵәы, лаҵара 12 рзы, Сҭампыл еиҿкаахоит Аԥсуа Федерациа аилатәара. Саргьы ааԥхьара сымоуп, салахәхоит, ҳазлацәажәаша, иҳәаақәаҳҵаша аусқәа ҳамоуп. Нхыҵ-Кавказынтәи аделегациа Ҭырқәтәылаҟа ааԥхьара рымоуп, зыӡбахә сҳәаз ахеидкылақәа реиҳабацәа ҳарзыԥшуп, инарҭбааны ҳаилацәажәаны, аус аԥхьаҟа ацҵара ҳгәы иҭоуп", - азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Аҟәысба Ҭырқәтәыла акультуратә центр ҿыц азы: адиаспора еиднакылоит>>

Нхыҵи-аахыҵи, нырцәи-аарцәи инхо ҳаиашьаратә жәларқәа реигәныҩра, реимадара, русеицура, хымԥада, алҵшәа бзиа аимурц залшом. Жәытә аахыс ишьҭаҵаз ауасхыр аҽахьарӷәӷәо зеиӷьыҟам ауп. Агәыӷра ыҟоуп, аилацәажәарақәа цоит, адунеи аҿы иҟоу аԥсуа-абаза жәлар рхылҵшьҭрақәа ахьынхо атәылақәа зегьы рахь аимадаратә цҳақәа бжьаҵахап ҳәа.