Амҷыԥҳа: аԥсуааи, абазақәеи, адыгақәеи адунеиаҿ шаҟаҩ ыҟоу аилкаара ҳашьҭоуп

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookХибла Амичба
Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны, аԥсуа-абаза диаспора ашәҟәы рҭагаларазы асаит аартра атәы далацәажәеит. Ари асаит аусура иалагеит лаҵарамза 22 рзы.

АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуааи, абазақәеи, адыгақәеи адунеи аҟны шаҟаҩ ыҟоу аилкааразы иҷыдоу асаит аԥаҳҵеит, лҳәеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны.

Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хьыбла Амҷыԥҳа: аԥсуа-абаза диаспора ашәҟәы рҭагаларазы асаит аартуп

"Ари аҩыза асаит аԥҵара аидеиа цәырҵижьҭеи акыр ҵуеит. Аҵарауаҩ Сариа Амҷыԥҳа акыршықәса адиаспора аус рыдызулахьоу еснагь илҳәон ишаҭаху астатистика аизгара. Уи азы зегь реиҳа еиӷьуп ҳәа азаҳаԥхьаӡеит асаит аартра ҳәа, избанзар ҳара ҳдиаспора 57 тәыла инареиҳаны рҟны инхоит, еизакны џьарак иҟаӡам", — лҳәеит Хьыбла Амҷыԥҳа. 

Аԥсуаа, абазақәа, насгьы адыгақәа асаит иаҭааны иахьынхо, заанаҭс ирымоу, уҳәа аинформациа анырҵоит.

"Насгьы, еилаҳкаауеит урҭ рхатәы бызшәа рдыруа, мамзаргьы ирзымдыруа. Аԥсуаа, абазақәа, нас ачерқьезқәа рзы хаз-хазы иҟаҵоуп ахарҭәааразы апунктқәа", — азгәалҭеит уи.

Асаит англыз, анемец, аурыс, араб, аҭырқәа бызшәақәа рыла аус ауыртә еиԥш аҟаҵара гәҭакны иҟоуп, лҳәеит Хьыбла Амҷыԥҳа.
 

Ажәабжьқәа зегьы
0