Аполитолог: Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа изыԥхьаӡо ауаа рхыԥхьааӡара иацлоит

Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы Европеи Еиду аштатқәеи рҟны азҵаара-ҭҵаарақәа мҩаԥнагеит "Ҟрым Урыстәыла иахәҭаны ишәыԥхьаӡоума?" атемала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Европа ауааԥсыра рыбжьара Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны аԥхьаӡара атенденциа иацлалоит ҳәа иҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз аполитолог Владимир Новиков.

IFop асоциологиатә ҭҵаара аихшьаалақәа рыла мызкы ахы-аҵыхәала Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа изыԥхьаӡо афранцызцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит 11%.

Кәарцхьиаԥҳа Ҟрым азы: ашьхақәа алаҳамҵозар, Аԥсны ахьҳгәаланаршәо ыҟоуп

"Ари, Ҟрым Урыстәыла ианалала аашьҭахь ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьа аазхаҵароуп иаанаго. Сара сгәаанагарала аҭҵаара алҵшәақәа ауаажәларратә гәаанагара адагьы иаадырԥшуа амҩаԥысра иаҿу апроцесс ауп",- ҳәа иҳәеит Новиков.

Иара иазгәеиҭеит Мраҭашәара аполитикатә елита рыбжьара иҟоу ыҟоуп ҳәа агәаанагара аҽцәырнагахьеит ҳәа.

"Аамҭак азы Прибалтика СССР ианадла, Мраҭашәара де-факто иҟалаз ҟалеит ҳәа иазырыԥхьаӡон, де-иуре ишазхарымҵозгьы. Убас ауп уажәыгьы. Ирацәаҩуп адиктофонқәеи ателекамерақәеи ааигәа ианыҟам Ҟрым Урыстәыла иахәҭоуп ҳәа изшьо", - иҳәеит иара.

Хәажәкыра инаркны мшаԥымзанӡа афранцызцәа рыбжьара Ҟрым Урыстәыла иахәҭоуп ҳәа изыԥхьаӡоз рхыԥхьаӡара 11% ихаланы 37% шьақәнартәеит. Анемеццәа рыбжьара усеиԥш ирыԥхьаӡоит 38%, британиаа - 34%, америкаа - 27%. Абри атәы аанарԥшуеит Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы Европеи Еиду аштатқәеи рҟны азҵаара-ҭҵаарақәа имҩаԥнагаз.

"Аамҭа зегь рҭыԥ аҿы иаргылоит. Аннексиа азакәаншьаҭа амамызт ҳәа егьа иуҳәаргьы афакт фактуп. Уи ус шакәу азхаҵара иаанаго атенденциа амҩаԥысра иаҿуп ауп" ҳәа иҳәеит Владимир Новиков.

Мшаԥы 9 -15 2019 шықәса рзы Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы Европеи Еиду аштатқәеи рҟны азҵаара-ҭҵаарақәа имҩаԥнагаз инарықәыршәаны Ҟрым Урыстәыла иатәны ирыԥхьаӡоит ЕАА атәылауаа 27%, британиаа 34%, франциаа 37%, анемеццәа 43%. 2016 шықәса рзы – Ҟрым Урыстәыла иатәым ҳәа ирыԥхьаӡон 45% афранцызцәеи 48% анемццәеи.

"Ҟрым аҩызцәа" Аԥсны алхрақәа раан анаԥшыҩцәа раҳасабала ааԥхьара рырҭеит

IFop адыррақәа рыла Франциа, Великобританиа, ЕАА аиҳабыратә абиԥара роуп Ҟрым Урыстәыла иатәуп ҳәа зҳәо. Абас агәаанагара рымоуп 35 шықәса ирҭысхьоу 41% афранцузцәеи 35% британиааи, 28% америкааи.

Франциа, Великобританиа, Еиду аштатқәа рҿы иреиҳау аҵара змоу ауаа роуп Ҟрым Урыстәыла иахәҭоуп ҳәа изыԥхьаӡоу, абжьаратә ҵара змоу раасҭа. Франциа урҭ рхыԥхьаӡара 39% ыҟоуп. Британиеи Еиду аштатқәеи рҿы 45% - 32%, 24% - 25%.

Германиа, апартиа "Альтернатива для Германии" алахәылацәа реиҳараҩык Ҟрым Урыстәыла иатәны иахәаԥшуеит (55%).

Аҭҵаарақәа ирылахәын 4010 ареспондентцәа, 18 шықәса иреиҳау.

Жәларбжьаратәи апроект "Sputnik. Агәаанагарақәа" хацыркын 2015 шықәса рзы Европеи Америкеи руааԥсыра ргәаанагарақәа рыҭҵааразы. Апроект иапартниорцәаны иҟоуп аилахәырақәа: Populus, IFop и forsa.

Аполитолог: Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа изыԥхьаӡо ауаа рхыԥхьааӡара иацлоит