Арепатриациа

Еқрем Хышба: аԥсшәа сҳәозар, изџьысшьо сандуцәа роуп

Ҭырқәтәыла, Калдахәара ақыҭан инхо ҳџьынџьуаҩ Еқрем Хышба иаԥсшәаҳәашьа, ихәыцшьа, игәыблышьа ухнамыхр залшом. Ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа ианылҵаз аиҿцәажәара.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурых

Ҳара ҳабдуцәа ахҵәара иақәшәан, Ҭырқәтәылаҟа инанагеит. Изларҳәо ала, усҟантәи аамҭазы Маанааи Хышааи аешьара рзеиланы еицныҟәон. Маан Албуз драԥызаны атәым тәылаҟа иагаз аԥсуаа рхылҵшьҭра ҳауп. Ҳахьнанагаз ақыҭагьы 40 шықәса иара ахьӡ ахын, анаҩс иҳаԥсахит. Абахә ашьапы, ҳаиҳабацәа зҵатәаз, иахьагьы ҳаҵатәоуп. Аԥсны избаз ашьхақәа ршьапаҿы иқәынхо, аиаҵәарақәа ирыланхо реиԥш иаҵәарак ҳаланхоит. Шәхы уаҩ дыхьықәымԥшуа сақәгәыӷны абра шәаазгеит ҳәа дрылабжьон Амаан рҳәалоит. Иара инышәнап ҳара ҳҟын иҟаӡам.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

Ишыжәбо еиԥш, иахьа ҳазлааиуа аҟны шәҳаигәырӷьаратәы ҳаҟоуп, аҽеиқәырхара ҳалҳаршеит. Зхәышҭаара амацара ада ззымдыруа сакәӡам, ари адунеи аҟны шьарда сеимдахьеит, снаԥшааԥшхьеит, ҳазлатәоу аҳәынҭқарра ҳныҟәнагеит. Напхыла-шьапхыла еиларсыз ауаажәларра реилыӡаара усҟак имариам. Саб исирбаз ала сныҟәарц саҿуп, ахеиқәырхара мариаӡам. Ассимилиациа ззырҳәо ҳалаӡырц зҽазызшәо ауаа ҳакәша-мыкәша иҟоуп. Узланхо амилаҭ уреиԥшхарц зҭаххогьы ҳԥылоит. Уи ҳаҿагыланы иахьа уажәраанӡа ақәԥара ҳаҿуп. Ари нахыс ҳахькылсуа сыздыруам.

Хышаа, Кәпалаа, Гәыбзаа, Аҭеиаа, Апыгәаа, Ҳәмараа – абарҭ ажәлақәа абрантә ихҵәаны еицнеиқәаз роуп иахьагьы еидтәалоу. Калдахәара иқәҵыз мацара роуп. Ашьҭахьы иҳаланагалаз маҷуп, атәымуаҩ дҳаланхаӡом зынӡа. Уажәшьҭарнахыс ас иҟоу аусқәа рынагӡара мариаӡам. Ахыҷҷарақәа, адгьыл уадаҩрақәа рҿы инхоз ҳауаажәлар еицхырааны иныҟәибагон.

Аха аамҭақәа рҽырыԥсахуа иалагеит. Ақыҭақәа ирылҵны ақалақьқәа рахь зҿыназхаз рацәаҩхеит. Џьабаа мбакәа, бзабаала имҩасырц зҭахқәаз ҟалеит. Сара сыуаажәлара 32-ҭӡы ыҟоуп, исыԥхьаӡозар, ақыҭаҟны жәа-ҭӡык роуп иаанхаз, егьырҭ иԥсаҟьаны атәылақәа ирылаԥсоуп. Ацәгьеи абзиеи ҳаилахәуп, ҳаибабоит, ҳаидгылоуп. Анцәа иџьшьаны, еигәныҩрақәак ҟало иалагеит ҳҭоурыхтә ԥсадгьыли ҳареи ҳабжьара. Аҿар рхы арахь икыдуп.

Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

Ахатәы бызшәа

Ахатәы бызшәа аиқәырхара сыуаажәлар ирџьысшьоит. Ахыԥхьакшьа рдырит, еицԥыҳәаны ныҟәашьак ҟарҵеит. Атәымуаа рааигәа иаармышьҭит. Аҩнаҭаҿы аԥсышәала ицәажәо ианыҟалалак, изаҳауа игәнимкылар зыҟалаӡом. Ииашоуп, агәаԥхарагьы, ахдыррагьы аҭахуп. Уи аганахьала сзыхшаз аҭаацәа сырзыразуп. Сзакәыз сарҳәаратәы аҭагылазаашьа сзаԥырҵеит.

Саим Аҩӡба: ҳбызшәа абеиара - ҳара ҳмал ауп

Апҟақәа аниасуаз зыла иамбоз санду, "Уара сыла еилнаргом, аха слымҳа иаҳауеит, апҟақәа ииасуазшәа збоит, унаԥши", — ҳәа ансалҳәа, апҟа закәыз сыздырӡомызт, схәыҷцәан. Ларгьы аҭырқәшәа аҵаха змаӡакәа зыԥсҭазаара еиҭаназкыз лоуп. Саб ихынҳәра сазыԥшит. Саб аҩны данаа сиазҵааит, апҟа змааноузеи ҳәа. Апҟа закәыз ҭырқәшәала ахьӡ сеиҳәеит. Ашьҭахьы санду лҟны сеиҭанеихын иласҳәеит, саб ила ишеилыскааз аԥҟа закәыз. Бара быбзоурала даҽа аԥсыуа ажәак сҵеит, сҳәеит сгәырӷьаҵәа.

"Санду, абарҭ апҟақәа бызразҵаазеи?" – сҳәеит. "Издыруада, Аԥсны иахысны иаауазар ҳәа сгәахәит", — лҳәеит лара. Убас ала ҳаиқәибархеит…

Абызшәа адырра ус имариаӡам. Зны-зынла уамарцәажәо, уҟырҟмыџь ананаркуа ыҟоуп. Уанхәыҷу иудырҵаз, пату ақәҵаны ианныҟәугалак, иухамшҭыр шыҟало агәра згоит. Аԥсышәак ауаа рылымкаа издыруеит ҳәа акәым аха, схы еиҭасҳәаратәы сыҟоуп сбызшәала. Анцәа иџьыысшьоит, саԥсыуаны сахьишаз, сыуаажәлари сареи ҳмахәҿа еихьӡаратәи аамҭак ахьсоуз.

Ҳаиԥымхо ҳаихьызыгӡаз зегьы срыкәыхшоуп. Шәареи ҳареи ҳаилыӡааижьҭеи, ҳгәы иҭаҳмыгӡар ззамуз ҳгәырҩақәа ҳхашҭуам. Уажәшьҭарнахыс гәырӷьарыла ҳнапкәа еикәшо Анцәа ҳҟаиҵааит!

Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп 

Андуцәа рыгәхьаагара

Сара сан даҳҷыԥсаауп. Саб иан д-Папааԥҳауп. Сан д-Аӡынԥҳауп, сан лан д-Арыҩҭааԥҳауп, уи лан д-Ашьхаруаԥҳан. Рыхьӡ схамышҭратәы рхы еиҭарҳәеит. Санду ахҵәара аӡбахә лассы-лассы илҳәалон. Лан лоуп арантә ихҵәаз. Калдахәара иазааигәаны иахьынхоз Папааи дареи рышьхақәа еизакын ҳәа сыҟоуп.

Есаҭ Ахба: атәым жәлар уанрылоу, узлоу акультура уныруеит

Ашьхахь ҳандәықәлалак, амшқәа аныԥхалак, акаршәрақәа ҳархысаанӡа, ашоура иагаз арахәи аҩада ахьшәашәарахь ҳҩеиаанӡа, ахьҭа иаҳцәашьыз арахә еилажәны еицаҳфон, ҳәа санду лан рыцҳа еиҭалҳәақәоз лгәалалыршәон…

Амҩахь еицәыӡқәаз рацәан. Санду еснагь гәалас илымаз Аԥсны акәын. Лара лыуаажәлар иныҟәан инеиз роуп Папаа. Амшын Еиқәа аган иавалан, Қырҭтәыла иалсны, Баҭым ала уахь ихыҵыз шьоук роуп. Арыҩҭааԥҳа санду рыцҳа ирацәаны далацәажәон ирыхҭысқәаз. Абрахь Арҩҭаа ҳәа уаҩ дышнымхаз лдыруан, зегь шыхҵәаз ларҳәахьан. Дара иреиуоу рышьаҭа Аԥсны иаанымхаӡеит. Лыԥсымҭа иазааигәаны санду лажәрагьы иахырҟьаны лыхшыҩгьы неиласуама уҳәо даныҟаз аамҭазы, "Иҟоузеи, нанду?", — ҳәа санлазҵаак, сылгәыдыҳәҳәалан сгәыдылкылон, сдәылҵыр лҭахӡамызт. "Иахьа смааи", — лҳәон. "Иабантә?" — анысҳәалак, — "Ашәынтә смааи", — ҳәа насаҭалкуан. Абарҭқәа иаҳхамшҭуа ажәабжьқәа роуп. Иаҳгәалашәақәо рацәоуп. Аԥсышәала ҟыжә-быжәк сҳәозар, изџьысшьо сандуцәа роуп.

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл азгәыбылра

Ахәыцшьақәа еиԥшым. Ахҭыс бааԥсқәа рымшала иқәырцаз ирмаҭацәоу ҳара, ихынҳәындаз, дареи ҳареи ҳаидгыланы, Аԥсны аԥсҭазаара излаҟоу аиҳа еиӷьны иҟаҳҵароуп рҳәозар, уи иаҵанакуа аусқәа ыҟоуп.

Гəырџьан Храҷ: атəым дгьыл аҿы ҳаҧсацəоуп ҳəа ҿыӷəӷəала ҳцəажəо ҳҟазҵаз  ҳашьцəа шəоуп

Уахыки-ҽнаки рыла зегьы еицҿакны уаҩы изыҟаҵаӡом, аӡәгьы ҽыԥныҳәа исҭом. Ҳарҭ ҳаишьцәоуп. Аԥсны зҭагылаз аамҭа уадаҩ иахҟьаны, аусқәа зегь дырҽеиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам. Иахьа шәызлаҟоу ҳаигәырӷьоит. Шәеиӷьхаразы ҳацԥыҳәоит. Лшара хәыҷык ҳамазар, Аԥсны иадаҳҵандаз ҳәа ҳгәаҟуеит. Ҳџьаршьаратәы аҳәынҭқарра ҳнапахьы ииасит. Аҳәынҭқарра аныҟәгашьа, пату ақәҵашьа аформақәа амоуп. Убарҭқәа рҟны Анцәа еилахара ҳаимҭааит. Аԥхашьара ҳаимыргааит. Ҟәарҷахак иадымхаргьы џьабаак адызҵаз зегьы ҳрыкәыхшоуп, рхаҵкы ҳцеит. Зыԥсы ақәызҵаз ҳашьцәа рҿаԥхьа ҳалахь аԥхӡы аартә Анцәа ҳҟаимҵааит. Абри оуп сзыҳәо. Абри дырны иныҟәаҳгар сҭахуп. Ныҳәарыла мацара иҟалаӡом, ахандеира аҭахуп, аизхәыцра аҭахуп, аицхыраара аҭахуп, аибашаҭара аҭахуп. Нырцә дыҟоума, аарцә дыҟоума иҳагхаз еиҽԥнымҳәакәа, еидгылашьак ҳзыҟаҵар, ус уадаҩ ҳамаӡам.