Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияАҭанур Аҟәысба
Аҭанур Аҟәысба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа ирылагӡаны Ҭырқәтәыла иԥшаауп зыхабар еилкаамыз аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа. Убри инамаданы Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа диҿцәажәеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.

- Аҭанур, шәара арҭ амшқәа рзы Амшын Еиқәа иаԥну аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа шәырҭааит. Ижәбаз-ишәаҳаз аҭагылазаашьа зеиԥшрои?

- Ҭырқәтәыла, Амшын еиқәа аган иаԥну ақалақьқәа, араионқәа рҿы инхо аԥсуаа реидкылара, иаҳзымдыруа рыҭҵаара, рҭыԥқәа рҭаара, рбара иазкны Аԥсуа Федерациа иамоуп аус еиҿызкаауа, иҳәаақәызҵауа аҟәша. Уи дахылаԥшуеит Биуленҭ Ԥачлиа, Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟоу. Убри аус адиулеит, анаҩс ҳҽааизакны, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Владимир Ҳаразиа, уи ихаҭыԥуаҩ, Афедерациа ахаҭарнакцәа, адернеқьқәа реиҳабацәа ҩыџьа-хҩы уҳәа Синоп ҳцеит.

Ҳаразиа: ахаҭарнакра аҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа рацәоуп, есҽны азҵаара ҿыцқәа цәырҵуеит>>

Синоп азганк Амшын еиқәа иавоу, Аԥсны аҿаԥхьа иҟоу ҭырқәтәылатәи қалақьуп. Даара Аԥсны иҟоу ақалақьқәа иреиԥшуп, ииаҵәҟаҟараӡа иҟоуп. Амшын еиқәа иавоу ақалақьқәа реиҳа маҷк икҿаханы иҟоуп, убри азы анеирагьы маҷк иуадаҩуп амҩақәа рганахьала. Аҳаиртә баӷәазагьы ҿыцны иҟарҵеит, аха убас ишыҟоугьы, анаӡара маҷк иуадаҩуп.

© Foto / предоставлено Вадимом ХаразияҬырқәтәыла инхо аԥсуаа
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа

- Уаҟа инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара абанӡанаӡои, ишьақәырӷәӷәаны ишәымоума? Иҟоума аус зуа аԥсуаа рхеидкыла?

- Синоп ааигәа-сигәа иқәынхо аԥсуаа 500-ҩык, 600-ҩык инареиҳаны иҟоуп. Уаҟа иҟоуп аус зуа Кавказтәи ахеидкыла. Ҳара хаҭала аԥсуа жәлар реидкылара ауп хықәкыс иҳамоу. Ҳабызшәа, ҳлеишәа, ҳқьабз наҳагӡарц азы аԥсуаа роуп аус здаҳуло, интересс иҳамоу.

Џьиҳан Ашәыҟәба иқьафурҭа Џьанаҭ - Sputnik Аҧсны
"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

Кавказаа ҳашьцәа роуп ҳәарас иаҭахузеи, аха ауаҩытәыҩса раԥхьа иҩнашә аԥхьа иԥссароуп. Аус здаҳуло ҳауаажәлар роуп, раԥхьа инаргыланы . Убри иазкны уа аиԥылара ҳаман. Уаатәи ҳашьцәа аԥсуаа еизеит. Аԥсуаа рхеидкыла еиҿахқаарц ҳҭахуп мызқәак ирылагӡаны Синоп. Ҳабызшәа амырӡразы, ҳажәлар рҵасқәа рыҭҵааразы, уа иҟоу аԥсуаа реиқәырхаразы, рмилаҭтә хдырра маҷк амца ацраҵаразы аусура иалагашт. Ҳара ҳзы ари аус даара ихадароу акакәны ҳахәаԥшуеит.

- Амшын Еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟоума апсуаа ахьынхо, аха аимадара макьана иахьышьақәыргылам ақалақьқәа, ақыҭақәа?

Аҟәысба: аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы алшара змам аҭаацәарақәа ацхыраара рырҭалоит>>
- Мраҭашәаратәи аганахь Зомбулҭақ, Барҭын, Карабеқ ҳәа ақалақьқәа ыҟоуп. Барҭын амшын баӷәаза ыҟоуп, Аԥсныҟа аидара назго аӷбақәа убрантә ауп ишнеиуа. Авараҿы иҟоу Зомбулҭақ ақалақь аҿоуп раԥхьаӡа арацәа ахьырбаз, иахьыҵыҵуа. Карабеқ ҳәа иҟоуп, уа аиха ыҵыҵуеит. Азауад дуқәа гылоуп. Анышә иҵхны, аус адырулоит, еихас иҟарҵоит.

Қьамиль Аҭрышба Кавказ Акультуратә дернеқь аҟны - Sputnik Аҧсны
Қьамиль Аҭрышба: ҳаԥсыуаауп, уи ала зегь ҳәоуп

Убра раион хәыҷык аҿы аԥсуааи ҳареи ҳаиқәшәеит, Салтукова ахьӡуп. Аиаша ҳҳәозар, маҷк ҳагәгьы каҳаит, егьыԥшааит. Рыжәла рдыруеит, ишаԥсацәоу рдыруеит аҟароуп. Быргк дҳадтәалеит, 80 шықәса ихыҵуеит, аԥсышәала ҩба-хԥа ажәа "уааи", "уца" рыда акгьы издыруам.

Иҟоуп Анқәабаа, Багаԥшьаа, Бабалаа, Арҩҭаа, Кәаӡаа, Ҳәатышьаа уҳәа уаҟа ҳзықәшәақәаз. Ҩ-қыҭа дукны иҟоуп - Аладатәи Иссаниа, Аҩадатәи Иссаниа ҳәа. Ааигәа-сигәа иҟоу ақалақьқәа рҿы аԥсуаа 400-500 ҭӡы раҟара ыҟоуп ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Ҳанырба, ргәы ԥшааит, аԥхьаҟа ҳшыҟалаша ашьаҿақәа руак ҳбеит, иқәӡаауаны, иӡуаны ҳрыниеит.

© Foto / предоставлено Вадимом ХаразияҬырқәтәыла инхо аԥсуаа
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа

Караельмас ҳәа иашьҭоуп ҳара ҳҿы, рацәа ҭыԥуп азы, убра ауниверситетгьы ыҟоуп. Қалақьк ахьӡ амҭакәа, убри атерриториа зегьы иаҵанакуа аԥсуаа еидызкылаша Караельмас захьӡу ахеидкыла шьақәҳаргылеит, аофициалла аус адулара ҳаҿуп. Ақалақь аиҳаби ҳареи ҳаиԥылеит, ҳаицәажәеит. Амилаҭтә хдырра рыманы, иахьеиуоу, иахьатәу адырра роур бзиоуп.

Сымсым: Аԥснытәи артистцәа реиԥш ҳзымкәашозаргьы, ҳкультура еиқәҳархоит>>

- Шәара шәзықәшәаз, шәзыҿцәажәаз ауаа, маҷк иадамхаргьы, ирдыруама рҭоурых?

- Ажәытәан рабацәа, рабдуцәа Аԥснынтә иӡхыҵны иааит, усҟантәи аимпериа асулҭан инапы зҵаҩу "Кавказынтәи иқәҵны иааз, Аҟәантәи иҭыҵны иааз аԥсуаа сара сганахьала ирысҭаз адгьылқәа роуп" ҳәа ашәҟәқәа рымоуп архив аҟны ишьҭаҵаны. Аҟәантәи ишааз асиақәа рҿы иҭҵааны иануп.

Нурҭен Бала - Sputnik Аҧсны
Нурҭен Балԥҳа: аԥсшәа ҵаны Аԥсныҟа сцоит

Убарҭқәа аус рыдаҳулашт аԥхьаҟа. Аԥсны аҳәынҭқарра Арепатриациазы аминистрра ацхыраара ҳарҭашт ҳәа агәаанагарагьы ҳамоуп. Ҳара ҳхаҭарнак лабҿаба ибеит абарҭқәа зегьы. Ас еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рацәаны иҟоуп ара, аҭҵаара ҳаҿуп. Иаҳцәыӡыз цәгьа ирацәоуп, убри гәалас иҳамоуп акыр, угәы марԥшаарц залшом.

Мрагыларатәи аган Ҭырқәтәыла иатәу Ерзерум ҳәа ақалақь ыҟоуп, Ермантәыла Иран аҳәаақәа ирзааигәоу қалақь дууп, убрагьы иаҳбеит 100-ҩык инареиҳаны аԥсуаа, аимадара ҳабжьоуп, уахьгьы ҳцараны ҳаҟоуп. Мраҭашәаратәи аганахьала Егеитәи амшын иазааигәоу акурорттә ҭыԥқәа рҿы иаҳдыруан жәытәаахыс аԥсуа қыҭақәа шыҟоу, убарҭ рылагьы ҳаимадара ҳарҭбааит, уа иҟоу ахеидкыла Аԥсуа федерациа иадаҳҵарц ҳшзы иҭоуп.

© Foto / предоставлено Вадимом ХаразияҬырқәтәыла инхо аԥсуаа
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа

Дбар: аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ҳдиаспора иӷәӷәоу аҭыԥ ааннакылоит>>

- Напхгара зышәҭо Аԥсуа федерациа аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы акырӡа аҵанакуеит - зегь раԥхьа иргыланы ҳмилаҭтә хдырра аиқәырхара, ҳбызшәа амырӡра, ҳҭоурых азхьаԥшра. Ари аус аҟны аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит!

- Мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп, нас Аҩадантә Аладанӡа иахьабалак аԥсуаа рызегьы ҳфедерациа иаҵанакуа иҟаларц гәҭакыс иҳамоуп, системак азыԥшааны, апрограмма шьақәырӷәӷәатәуп. Хәышықәса рыҩнуҵҟала аԥсуак даанмыжькәа, иахьынӡаҳалшо иԥшааны, иҭҵааны рҭаҩра хықәкыс иҳамоуп, уи анаҩсгьы, рмилаҭтә хдырра, рҭоурых, рыԥсадгьыл дырдырра ҳҽазаҳшәоит.

Орал Бганба: ҳхеидкыла хықəкыс иамоуп аҿар Аҧсныҟа рхьарҧшра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0