Аԥсназы амобилтә медицинатә комплексқәа аархәараны иҟоуп

Аԥсны ауааԥсыра адиспансеризациа рахысра аихшьаалақәа мҩаԥган Гагра араион ахадараҿы, ашәахьа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ареспубликатә хәышәтәырҭазы иаархәараны иҟоуп амобилтә медицинатә комплексқәа ҳәа иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин.

Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша

"Амобилтә комплексқәа аахәахоит. Ашықәс нҵәаанӡа дара ықәыргылахоит ареспубликатә хәыәштәырҭаҿы", - азгәеиҭоит Гулин.

Иара иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны Аԥсныи Урыстәылеи русеицура хра аманы имҩаԥысуеит, Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара иазырхоуп.

Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9 рзы. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит уажәазы адиспансеризациа изахымсыз сынтәа, цәыббрамзазы иахысыр шрылшо. Зынӡа абри аамҭала адиспансеризациа иахысит 13 нызқьҩык ауааԥсыра.

Аԥсны азеиԥш диспансеризациа иахысит 13 нызқьҩык ауааԥсыра