Аԥсны азеиԥш диспансеризациа иахысит 13 нызқьҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Томас ТхайцукДиспансеризация в Сухуме
Диспансеризация в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ФМБА аҳақьымцәа Аԥсны араионқәа рҟны ҩымз раахыс имҩаԥыргоз азеиԥш диспансеризациа аихшьаалақәа ҟарҵеит Гагра, рашәарамза 10 аҽны.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Мшаԥымза алагамҭазы Аԥсныҟа иааит, амедицинатә наукақәа рдоктор, Урыстәыла афедералтә-амедико биологиатә маҵзура аиҳабы Владимир Уиба инапхгарала аспециалистцәа ргәыԥи, 12 машьына ҷыдеи, амобилтә лабороториа-ачымазарашьақәыргыларатә комплекс ацны.

Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша

Аамҭалатәи аихшьаалақәа рыла, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо хәыда-ԥсадатәи амедицинатә агәаҭарақәа ирхысит 13 нызқьҩык инарзынаԥшуа ҳауаажәлар, урҭ рахьтә 400-ҩык, ахәшәтәрахь ишьҭуп Урыстәыла афедералтә-амедико биологиатә маҵзура (ФМБА) анапаҵаҟа иҟоу ахәшәтәырҭқәа рахь. 

Аԥсны, ҩымз раахыс имҩаԥысуаз ауаажәлар рзеиԥш диспансеризациа хырқәшахеит Гагра араион ала. Иахьа, рашәара 10 рзы, Аԥсныи Урыстәылеи агәабзиарахьчара аминистррақәеи, ашәарҭадаратә Хеилакқәа рхаҭарнакцәеи, Гагра араион Ахадареи, адиспансеризациа мҩаԥызгоз Урыстәыла афедералтә-амедико биологиатә маҵзура анапхгареи, аҳақьымцәа ргәыԥи иҭабуп ҳәа рарҳәеит, Гагра араион Ахадараҟны имҩаԥгаз аиԥылараҟны. Рџьабаа аҳаҭыр азы, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра рыхьӡала иранашьан адиплом. 

"Аԥсны атәылауаа аӡәаӡәала ирзынархаз аус ду нашәыгӡеит. Агәра ганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟагьы, аԥсуа ҳақьымцәа алархәны ари агәыҳалалра ишацҵахо. Хымԥада аамҭа ԥкын, аха зегь акоуп, аҵыхәтәантәи аҭааҩ дшәыдышәкылаанӡа шәҭыԥқәа рҟны шәыҟан. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы", - иҳәеит Аԥсны ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба. 

Уыстәыла афедералтә-амедико биологиатә маҵзура анапхгареи, аҳақьымцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.

Диспансеризация населения в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион аҿы адиспансеризациа иахысит хәышәҩык ауааԥсыра

Иара иазгәеиҭеит, анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәеи, убас ахара инхо ауааԥсыреи разҟны ишырзыҟалаз, заанаҵы рчымазара ашьақәыргыларазы алшара ахьрырҭаз. 

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит, ԥхьаҟагьы, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрреи дареи ирзеиԥшу апроектқәа ишрыцырҵо. 

"Адиспансеризациа актәи ахәҭа қәҿиарала ихырқәшоуп. Уажәы,  Урыстәыла афедералтә-амедико биологиатә агентреи ҳареи ҳалацәажәоит, Аԥсны ареспубликатә хәшәтәырҭа ашьаҭала, акардио-ԥҟаратә ҟәша аартреи, ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара аарԥшразы ацентр аргылареи рызҵаарақәа", - азгәеиҭеит аминистр.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа, арҭ амшқәа рзы, араҟа аус зуаз аҳақьымцәа рџьабаа ахә шьо иазгәеиҭеит, агәахәара ду шинаҭаз аҭыԥантәи аҳақьымцәеи дареи аиҩызара ахьрыбжьалаз, уи ԥхьаҟагьы аԥышәа арҳараҿы ишцхыраагӡахо азгәеиҭеит. 

Аԥсныи Урыстәылеи ашәарҭадаратә Хеилакқәа рхаҭарнакцәа излазгәарҭаз ала, ари апроект алыршахеит Москва имҩаԥысхьаз, аҩ-ганк рделегациақәа реиқәшәарақәа ирыбзоураны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0