АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ареспубликатә хәышәтәырҭазы иаархәараны иҟоуп амобилтә медицинатә комплексқәа ҳәа иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин.
"Амобилтә комплексқәа аахәахоит. Ашықәс нҵәаанӡа дара ықәыргылахоит ареспубликатә хәыәштәырҭаҿы", - азгәеиҭоит Гулин.
Иара иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны Аԥсныи Урыстәылеи русеицура хра аманы имҩаԥысуеит, Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара иазырхоуп.
Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9 рзы. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит уажәазы адиспансеризациа изахымсыз сынтәа, цәыббрамзазы иахысыр шрылшо. Зынӡа абри аамҭала адиспансеризациа иахысит 13 нызқьҩык ауааԥсыра.