Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аамҭа цацыԥхьаӡа схəыцрақəа рҿы ихаҭəаау аҭыԥ ааннакылоит Шьамтəылатəи Арабтə Республика санаҭааз ашықəс. Сара сзы ари ахҭыс бзиа ҟалеит абҵарамза аҽеҩшамҭа, 2007 шықəса рзы. Усҟан, ателехəаԥшреи арадиои ржурналист лаҳасаб ала, Шьамтəылаҟа ицоз Аԥснытəи аделегациа срыцын.
Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа>>
Хымԥада, даара интересс исыман Шьамтəыла инхоз ҳдиаспора рынхашьа-рынҵышьа, изқəынхоз атəыла лабҿаба абара. Уахь сцаанӡа издыруан хаҭала Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара иахьааз ҳџьынџьуаа рахьтə аӡəык-ҩыџьак, иҟан Аԥсынтəыла имҩаԥысуаз ахҭысқəа, иара убас аныҳəатə мшқəа рыҽрыладырхəырц Шьамтəылантəи иааны сзыҿцəажəахьаз, анҵамҭақəа ззыскхьаз аԥсуаа. Урҭ рыӡбахə анысҳəа, схаҿы имааирц залшом зыԥсҭазаара иалҵхьоу аинрал Уалид Маршьан, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо иашьеиҳаб, Шьамтəылатəи апарламент аҿы изныкымкəа депутатс иалырххьаз, ҳаҭыр ду зқəу Шьараф Маршьан.
Ҭырқəтəылатəи аҳаиртə баӷəазаҟынтə еицыз агəыԥ ҳԥыруан Дамаскҟа. Дамаск аҳаирплан ҳанааҭыҵ, аҳаиртə баҕəазаҿы ацəаҳəа иқəгылан Шьарафи Уалиди Маршьанаа зхадараҿы игылаз Кавказтəи амилаҭтə маҭəала еилаҳəаз ҳџьынџьуаа, аиҳабыра-аиҵбыра, абыргцəа, аҿар. Зегьы ҳнапқəа ҳамхны, ҳаргəыдыҳəҳәаланы аԥсшəа ҳарҳəеит.
Исгəалашəоит, Уалид Маршьан аԥсшəа ансеиҳəоз ииҳəаз ажəақəа: "Сырма, шаҟа ббара сеигəырӷьазеи Дамаск", - ҳəа. Урҭ иажəақəа ԥхаӡа сгəаҵаҿы иҭоуп иахьа уажəраанӡа, хашьҭшьагьы сызрықəлом.
Сыхьӡ ҳəаны аԥсшəа шсеиҳəаз аниаҳа, аделегациа иалахəыз, усҟан Аԥсуа телерадиоеилахəыра напхгара азҭоз, насгьы иазгəасҭарц сҭахуп, ААУ алекциақəа ирыԥхьоз сырҵаҩ ду Гəырам Артиом-иԥа Амқəаб дааԥышəарччан, ус иҳəеит: "Сырма, Шьамтəылагьы быздыруа ҟалама?!", - ҳəа. Избанзар Ҭырқəтəылеи Аԥсныи лассы-лассы ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭарақəа рыҟаҵаразы амҩа сықəын, издыруаз ҳхылҵшьҭрақəа рацəан, аха урҭ Ҭырқəтəыла иреиуаз аԥсуаа ракəын, уажəы Шьамтəылатəиқəагьы аацəырҵит...
Мчыбжьык Шьамтəыла ҳаҟанаҵы исгəалашəом сааҭқəак ирыдымхаргьы ҳалацəа анааихьаҳшь. Аԥсыӡ аӡы зҵабаны иҟоу аӡы анауҭалак, игəыкны ишажəуа еиԥш, ҳгəыкны ҳаҟан, ҳазхара ҳзеицəажəомызт, ҳзеибабомызт Шьамтəыла инхоз ҳашьцəеи ҳареи.
Шьамтəыла, Кавказ ажəларқəа ахьынхоз ақалақьқəеи ақыҭақəеи акыр ҳарҭааит. Зегьынџьара рчеиџьыка рнапы иқəыргыланы иаҳԥылон, аиҳабацəа Аԥсны аганахьала ирдыруаз аҭоурых еиҭарҳəон, Аԥснаа рашьцəа рхабар иазҵаауан, аҿар ракəзар, акультуратə хеидкылақəа рҿы ирҵаз рмилаҭтə ҟазара ӡырыргон, уи ҳара даара агəахəа ҳнаҭон.
Иазгəаҭатəуп, Шьамтəыла инхо ҳџьынџьуаа рахьтə рхыԥхьаӡара акыр ишырацəоу адыга хылҵшьҭрақəа. Урҭ уаҟа еиҿкааны ирыман рхатəы школқəа, абызшəа ахьырҵоз. Шамахамзар зегьы рхатəы бызшəала ицəажəон.
Ҵәыџьԥҳа: анапҟазацәа Аԥсны иаадыртыр рҭахуп "Шьамтәыла аҩны"
Дамаск, ижəытəӡатəиу қалақьуп, уи зыршаҳаҭуа акакəны иҟоуп ақалақь аҿы игылоу аҭоурых иаҿахəҳəагоу ахыбрақəа. Аԥсабара аиаҵəара акəзар, шамахамзар улаԥш иҵашəомызт, хаҳəра ҭыԥын. Ҳара иҳаман алшара аҭоурыхтə ҭыԥкəа рҭаара, лабҿаба рбара.
Исхамшҭуа акакəны иаанхеит Голантəи аҳаракырақəа. Ажəытə уа инхоз аԥсуаа рацəаҩын, аха Израили дареи реибашьра иахҟьаны ақалақь ахь илбаақəаз рацəаҩхеит, анхарҭа ҭыԥқəа зегьы еилаԥыххааса иҟан.
Исгəалашəоит, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахаз Зиуар Чычба иан Неџьиҳа Арҩҭааԥҳа, снарԥшны ишыслырбаз Зиуар дахьиз еилаԥыххаа иҟаз ахшараиурҭатə ҩны, анаҩс зҿыназхаз лылаӷырӡқəа уаҳа лыдмырҳəеит.
Иахьагьы сыбла ихгылоуп Зиуар иан игəыкыз лхаҿсахьа, лгəыразра. Анцəа иџьшьаны, узеигəырӷьаша хҭысуп Зиуар иҭаацəа Аҧсны иахьынхо. Сара сзы инасыԥуп, афырҧҳəыс Неџьиҳа дахьызбо, дысгəыдыҳəҳəаланы аԥсшəа ласҳəартə еиԥш аҭагылазаашьа ахьсымоу. Убас еиԥш ирацəаҩын Шьамтəыла ҳара иҳақəшəаз Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра иалахəыз рыуацəа-рҭынхацəа. Урҭ рахьтə иҟоуп наӡаӡа зыԥсадгьыл ахь нхара ҳəа ихынҳəқəазгьы.
Исгəалашəоит, Шьамтəыла иҟоу Кавказаа ахьынхо Берҳаџьам ақыҭаҟны аҭыхрақəа мҩаԥаагон аоператор Асҭамыр Гəажəбеи усҟан арежиссиортə усқəа назыгӡоз, стелехəаԥшратə ҭыхымҭақəа ҳəаақəызҵоз Гəырам Амқəаби сареи. Назым Аӡыӷьа рҭаацəара ҳрысасын. Шьамтəыла рынхашьа-рынҵышьа иазкны адырраҭара ҳархион, ҳрыҿцəажəон. Ҳусура хыркəшаны ашҭа ҳанынҭыҵуаз, ахшара руаӡəык араб бызшəала ус ҿааиҭит: "Аҧсныҟа шəанцо шəшəыра сҭартəаны сыжəгозаргьы, сыжəга!" - ҳəа, анаҩс илаӷырӡқəа рҿаархеит.
Анаџьалбеит, изакəытə гəнаҳароузеи ҳауаажəлар атəым дгьыл аҿы ирлахьынҵахаз, рыԥсадгьыл абара ишазгəыкуаз шаҟаҩ рыҧсҭазаара иалҵхьоузеи, иабанӡанаӡо мчымхарыла ихырҵəаз ҳауаажəлар рҳақ...
Жьиԥҳа илҳәеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рзы ашәҟәы-альбом шаԥылҵо>>
Шьамтəыла ҳаҟазаара иалагӡаны ҳара иҳақəшəеит еиуеиԥшым аусбарҭақəа рҟны аус зуаз ауаа, аиҳабыратə маҵзурақəа змоу ачынуаа, аҵарауаа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аполитикатə усзуцəа, аҳақьымцəа, асахьаҭыхыҩцəа, ашəаҳəаҩцəа уҳəа абаҩхатəра злаз ауаа. Иҟоуп урҭ рахьтə хаз-хазы адырраҭарақəа ззаҳкқəазгьы.
Абдул Агрба дскрипкарҳəаҩуп. Иара ҳшибаз еиԥшҵəҟьа, аҧсышəала "Бзиала шəаабеит" ҳəа ҳаиҳəеит. Зхы-зҿы аччаԥшь ықəыҳəҳəа иҟаз арԥыс дгəырӷьаҵəа иҳаилиркааит аԥсышəала ажəеинраалақəа шидыруа, уимоу дегьҳазрыԥхьеит. "Шьамтəыла шықəсқəак раԥхьа Аԥснынтə иаҳҭааз апоетесса Нели Ҭарԥҳа ислырҵаз ауп", - иҳəеит игəырӷьара ҳəаак амамкəа. Искрипка абжьы, уи аԥсышəала иациҳəоз ашəа иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит: "Амра шынкаԥхаз абар, иаацырцырит ацəыкəбар, амахə снасыр иаақəацар, иалшоит амахə иахьыкəкəар..."
Шьамтəыла Аԥснытəи аделегациа злахəны имҩаԥысуаз аиԥыларақəа рҟны ҳџьынџьуаа гəыҵхас ирымаз зҵаарақəан аԥсадгьыл ахь ахынҳəра, ахатəы бызшəа аиқəырхара, ҳаимадара аҳəаақəа рырҭбаара, аҿар реигəныҩра. Усҟан уа иҳақəшəаз аԥсуаа рахьтə иҟоуп, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхақəо ҳџьынџьуаа, ара аҭаацəарақəа аԥызҵаз, иҿыцəаахьаз зхəышҭаарамцақəа еиқəызҵаз.
Шьамтəылеи Аԥсныи жəытəаахыс цҳас ирыбжьаз аишьцəа Уалиди Шьарафи Маршьанаа рыхьӡ наунагӡа ҳҳəынҭқарра аҭоурых иазынхоит. Ҳара Шьамтəыла ҳаныҟаз ашықəсан урҭ аишьцəа ирылдыршаз, еиҿыркааз ус аҳəара уадаҩуп, уалаԥшны иубар акəын. Аҳəынҭқарраҿы рыхьӡ наган, ражəа акрыԥхылнадон. Рашьа, аинрал-аԥырҩы Мамдыхə иԥсҭазаара далҵхьан, анаҩс акыр илахьеиқəҵаганы иҳадаҳкылеит ихьыз ачымазара иахҟьаны Уалид иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Маршьанаа рҭаацəа рысасдкылара ахааназы исхамшҭуа иԥхаӡа сгəы иҭоуп. Акыр сеигəырӷьоит Шьараф Маршьан ҭаацəала Аԥсныҟа ихынҳəра, рыԥсадгьыл аҿы ирызҳауеит имаҭацəа.
Шьамтəылатəи ҳныҟəарақəа, уа ҳзықəшəаз аԥсуаа, адыга жəлар, урҭ ирхылҵуаз агəыбылра, аԥхарра, сгəаҵаҿы иҿымцəаауа кəицны инхоит. Ҳажəлар ҳаиҟəызҭхаша аамҭа анцəа иҳзааимгааит. Шаҟа иуныруазеи атəым дгьыл аҿы уаныҟоу уԥсадгьыл аҵакы закəу, уи ада ԥсҭазаара шыҟам. Лассы-лассы схəыцраҿы иааиуеит абарҭ реиԥш иҟоу ацəаҳəақəа: "Ԥсҭазаарас иҟоу - ԥсадгьылуп, ныӡаарас иҟоу - тəым дгьылуп".
Ҳаԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа иагымзааит ҳаԥсуа жəлар!