Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маршьан еиҭеиҳәеит Голантәи аҳаракырақәа рҿы иашьа иԥа абираҟ зышьҭихыз

© Sputnik Томас ТхайцукШьараф Маршьан
Шьараф Маршьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла ииз ҳџьынџьуаҩ Шьараф Маршьан Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит Голантәи аҳаракырақәа иахьрыҵаркуа иҟаз аԥсуа қыҭа Мумсие игәыбылра заду.
Маршьан еиҭеиҳәеит Голантәи аҳаракырақәа рҿы иашьа иԥа абираҟ зышьҭихуаз

"Аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы 1901-1902 шықәсқәа рзы Голантәи аҳаракырақәа рахь нхара ииасыз Маршьанаа рҟынтәи ҳҭаацәа заҵәык ракәын. Аԥсуаагьы ҳаҟан, аха аҟабардақәа, аедыгьаа рацәан. Голантәи аҳаракырақәа рыҟны жәаҩа қыҭа рҟынтәи жәеиза ачерқьезцәа ахьынхоз акәын, акы - аԥсуаа. Аԥсуа қыҭа Мумсие ахьӡын, уа акәын иахьынхоз аԥсуа цқьақәа 70 ҭаацәара. Израиль аннеи, уаҟа инхоз зегьы ықәҵит. Аибашьра анцоз, Израильнтәи ианхысуаз ҳа ҳахь икаҳауан, убас акәын Шьамтәылантәи ианхысуазгьы. Дара-дара еибашьуан, инҵәоз ҳауаажәлар ракәын. Еиҳабык дҩагыланы шәымцан ҳәа зҳәоз дҟамлеит. Аибашьра еилгар, ҳхынҳәып ҳәа зегьы ааныжьны ицеит. Аха иахьагьы аӡәгьы дзыхнымҳәит. Дамаскҟа ҳаннеи, аԥсуаа  зегьы џьарак ҳзеицнымхаӡеит, ҳаԥсаҟьаны ҳҟалеит. Кутсеиа ҳәа  иахьашьҭоу анеирагьы анхарагьы ахьыцәгьаз аҭыԥ иакәшәеит аиҳараҩык. Ауриацәа рҳәаақәа ииаганы ианыҟарҵа, ажәытә ҳабацәа ахьииз ақыҭақәа харантәи акәын ҳашрыхәаԥшуаз, ҳгәы ҵәыуон.  Уалид иԥа Анзор (Шьамтәыла аибашьраан иҭахаз Шьараф Маршьан иашьа Уалид иԥа - аред.) убасҟак деилҟьан, ҽнак, аӡәгьы иамҳәаӡакәа, арра маҵзура ахьихигоз Шьамтәыла абираҟ аашьҭыхны, излаҟеиҵаз сыздыруам, аха Мумсие ҳәа изышьҭаз аԥсуа қыҭа аҟынӡа днеины, абираҟ шьҭихит. Иаб ҭелла дизасны иеиҳәеит шәахьииз ақыҭаны сыҟоуп ҳәа. Уа дгәарҭеит, цәгьала дхынҳәит, аха ус еиԥш аҭоурыхгьы ыҟан. Угәы унархьуеит иахьа Америка ахада Израиль шәара ишәтәуп урҭ адгьылҵакырақәа ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵо", - азгәеиҭоит Маршьан.

Инеиҵыху аиҿцәажәра шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0