"Абжьы зхоу" аҟны аиааира згаз рыхьӡқәа рҳәеит

Амузыкатә еиндаҭлара "Абжьы зхоу", аконцерт хада иалахын Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи  16-ҩык ашәаҳәаҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" аԥхьахә хада лоуит Пицундатәи ашәаҳәаҩ Мира Ахԥҳа, абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит аиндаҭлара акреативтә директор Ада Адлеиԥҳа.

Ҩ -гәыԥкны қәрала еихшаз анагӡаҩцәа рҟынтәи иара убасгьы иалкаан хҩык-хҩык ашәаҳәаҩцәа. Аиҳабыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Очамчыратәи ашәаҳәаҩ Валериа Ԥерцхелиаԥҳа, аҩбатәи аҭыԥ - Леван Пхалаӡе, ахԥатәи - Николь Анқәабԥҳа. Аиҵбыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Валериа Кетиаԥҳа, аҩбатәи - Алан Кархалаа, ахԥатәи -  Алиса Быҭәԥҳа.

"Мира Ахԥҳаи Валериа Ԥерцхелиаԥҳаи еиҟараны абаллқәа рыман, аха ажиури ахантәаҩы Анри Гәымба аӡбра идикылеит Мира аԥхьахә хада лымазаарц", - лҳәоит Адлеиԥҳа.

Ахәаԥшыҩцәа раԥхьахә ланашьахеит Рада Кәыҵниаԥҳа.

Авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" актәи амш мҩаԥысит

Аиндаҭлара "Абжьы зхоу" афинал хымш имҩаԥысуан. Актәи амш азы инарыгӡон аԥсышәала мацара ашәаәқа, аҩбатәи амш азы – еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәақәа. Аконцерт хадаҿы инарыгӡон реиҳа абаллқәа зауз ашәақәа.

Актәи аҭыԥқәа зауз анагӡаҩцәа ироуеит алшара рхатә клипқәа ҭрыжьрацы.

"Абжьы зхоу" аҟны аиааира згаз рыхьӡқәа рҳәеит