Авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" актәи амш мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый день вокального конкурса "Абжьы зхоу"
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" актәи амш аҳәынҭфилармониаҟны амҩаԥысшьа атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Ашәаҳәара– шамахамзар Аԥсны иқәынхо бзиа еицырбоит. Џьоукы рҩызцәа рыгәҭа рҟазара аарԥшра бзиа ирбоит, аҽа џьоукы асцена ду ахь инеир рҭаххоит.

Хибла Мукба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Мықәԥҳа "Абжьы зхоу" иазкны: ахәыҷқәа "мап" ҳәа раҳәара цәгьан

Ареспубликаҿы имҩаԥыргахьеит ҵҩа змам аиндаҭларақәа. Уажәы имҩаԥысуеит аҿар рыбжьара авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу". Аконкурс аԥхьатәи амш азы алахәылацәа аԥсышәала ашәа рҳәоит. Аҩбатәи амш азы аҳәаанырцәтәи ашәақәа нарыгӡараны иҟоуп. Аконцерт хада мҩаԥысуеит рашәара 26 рзы. Еиндаҭлараны иҟоуп 16 –ҩык алахәылацәа, 9 - 16 шықәса зхыҵуа. Урҭ қәрала ҩ-гәыԥкны еихшахоит. Актәи акатегориа иалахәхоит 9 - 12 шықәса зхыҵуа, аҩбатәи –13 - 16 шықәса зхыҵуа.

Алахәылацәа рҿаԥхьа ажәа иҳәеит Аԥсны ахада акультура азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

 

"Агәахәара ду унаҭоит аҟыбаҩ злоу аҿар рацәаны иахьҳамоу. Шәара ишәылшоит амузыкатә милаҭтә традициа аиқәырхареиԥш аихаҳарагьы. Уи гәышьҭыхга дуӡӡоуп", - иҳәоит иара.

Занҭариа аиндаҭлара алахәылацәа атәыла ахада ихьӡала дрыдныҳәалеит. Абри ашьҭахь алахәылацәа аӡбаҩцәеи ахәаԥшцәеи ирыдыргалеит иаздырхиаз ашәақәа. Ажиури ашәаҳәаҩцәа рықәгылара жәа-баллктәи асистемала ахә ршьон.

© Sputnik / Асмат Цвижба
Подготовка к вокальному конкурсу Абжьы зхоу  - Sputnik Аҧсны
1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Первый день вокального конкурса Абжьы зхоу - Sputnik Аҧсны
9/9
1/9
2/9
3/9
4/9
5/9
6/9
7/9
8/9
9/9

Ажиури аилазаара иалоуп: амузыкант, апроект "Голос" алахәыла Денис Ҳагба; ашәаҳәаҩ, жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рлауреат, Лариса Долина лҵаҩы Саида Агрԥҳа; ашоумен Ерик Миқаа, ажиури ахантәаҩы – амузыкант, апродисуер Анри Гәымба.

Аԥхьа асценахь инеиит аиҵбыратә гәыԥ алахәылацәа. Урҭ аӡәырҩы рзы ари ақәгылара дебиуттә қәгыларан. Ус шакәызгьы урҭ ирылшеит рҟазара ахәаԥшцәа дырбара.

Амузыкатә конкурс Абжьы зхоу арзаҳалқәа аднакылоит - Sputnik Аҧсны
Амузыкатә конкурс "Абжьы зхоу" арзаҳалқәа аднакылоит

Аконцерт ааиртит Алан Кархалаа, (ашәа "Сылашара"). Иара иажаәқәа рыла асценахь дцәырҵаанӡа акыр игәы ҭамгылозҭгьы, асценахь данааи уи гәырӡ-шашәарӡ иӡит.

"Алахәылацәа зегьы иџьоушьартә ибзианы иқәгылеит. Ахәшьара ақәыргыларагь уадаҩуп. Ахәыҷқәа бзиа избоит. Ус анакәха ахәшьара ҳаракқәа рзықәсыргылоит", - иҳәеит Ерик Миқаа.

Аиҵбыратә гәыԥ иаланы аиндаҭлара иалахәуп: Алан Кархалаа, Милана Гәынԥҳа, Диана Ҵнариаԥҳа, Валериа Кетиаԥҳа, Наинеи Аринеи Оҭырԥҳацәа, Анано Қәачахьиаԥҳа, Вероника Ҭаниаԥҳа, Алиса Быҭәԥҳа. Аиҳабыратә гәыԥ иаҵанакуеит: Венера Миносиан, Рада Кәыҵниаԥҳа, Леван Пхалаӡе, Валериа Перцхелиаԥҳа, Алена Пимпиаԥҳа, Мира Ахԥҳа, Софиа Аслониан, Николь Анқәабԥҳа.

Аиҿкааҩ - Хьыбла Мықәԥҳа.

Амаҵзура Sputnik – аконкурс "Абжьы зхоу" аинформациатә партниор.

Ажәабжьқәа зегьы
0