Аҭаацәара ҿыцқәа рхан: Очамчыра АҬАР ахыбра аадыртит

Ахыбра аиҭашьақәыргылара напалакын 2018 шықәса рзы. Шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы 5 миллион мааҭк азоужьын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Очамчыра ақалақь аҿы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит АҬАР. Ауснагӡатә далахәын атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Уаанӡа аусуразы ҳҭагылазаашьақәа акыр иуадаҩын. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ашәҟәҭаҩрақәа аҭыԥ аҿы имҩаԥааго ҳалагеит араҟатәи ҳаҟазаашьа аныҳәатә гәалаҟазаара ахьунамҭоз азы. Ус акәымкәа ианыҟалоз аамҭазы Акультура ахан аҿы ашәҟәҭаҩра мҩаԥаагон", - АҬАР аиҳабы Лали Бжьаниаԥҳа.

Аиустициа аминистр Марина Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы АҬАР Очамчыра араион ахадара ахыбраҿ ишыҟаз.

"Иахьа ари ахыбра ҭбааҭыцә иааиуа зегьы агәырӷьаратә гәалаҟазаара рызцәырнагап ҳәа ҳаԥшуп", - лҳәеит лара.

Ақыҭақәеи ашколқәеи рзы: Очамчыра араион аҿы автобус ҿыцқәа аныҟәара иалагоит>>

Бжьаниаԥҳа ахыбра аргылара иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥхьа днаргыланы.

АҬАР ахыбра ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла иргылоуп.