Аҭаацәара ҿыцқәа рхан: Очамчыра АҬАР ахыбра аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукОчамчыратәи АҬАР
Очамчыратәи АҬАР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахыбра аиҭашьақәыргылара напалакын 2018 шықәса рзы. Шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы 5 миллион мааҭк азоужьын.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Очамчыра ақалақь аҿы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит АҬАР. Ауснагӡатә далахәын атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Уаанӡа аусуразы ҳҭагылазаашьақәа акыр иуадаҩын. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ашәҟәҭаҩрақәа аҭыԥ аҿы имҩаԥааго ҳалагеит араҟатәи ҳаҟазаашьа аныҳәатә гәалаҟазаара ахьунамҭоз азы. Ус акәымкәа ианыҟалоз аамҭазы Акультура ахан аҿы ашәҟәҭаҩра мҩаԥаагон", - АҬАР аиҳабы Лали Бжьаниаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукОчамчыратәи АҬАР аартра
Очамчыратәи  АҬАР аартра - Sputnik Аҧсны
1/2
Очамчыратәи АҬАР аартра
© Sputnik / Томас ТхайцукОчамчыратәи АҬАР аҩнуҵҟа
Очамчыратәи  АҬАР аҩнуҵҟа - Sputnik Аҧсны
2/2
Очамчыратәи АҬАР аҩнуҵҟа
1/2
Очамчыратәи АҬАР аартра
2/2
Очамчыратәи АҬАР аҩнуҵҟа

Аиустициа аминистр Марина Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы АҬАР Очамчыра араион ахадара ахыбраҿ ишыҟаз.

"Иахьа ари ахыбра ҭбааҭыцә иааиуа зегьы агәырӷьаратә гәалаҟазаара рызцәырнагап ҳәа ҳаԥшуп", - лҳәеит лара.

Ақыҭақәеи ашколқәеи рзы: Очамчыра араион аҿы автобус ҿыцқәа аныҟәара иалагоит>>

Бжьаниаԥҳа ахыбра аргылара иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥхьа днаргыланы.

АҬАР ахыбра ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла иргылоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0