Ахыцуаҩ Баҭал Ҳашба иажәақәа рыла, ари аидеиа изцәырҵит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба телехәаԥшрала ари абџьар хкы иазкыз ицәажәара даназыӡырҩы. Баҭал инапы злеикыз аус анагӡараан даараӡа дымҩақәнаҵеит аинтернет аҟны ииԥшааз аинформациа. Иара ахыци ахәымпали рыҟаҵара аус ахаҭахьы диасаанӡа, раԥхьа иҭиҵааит уи аҭоурых, еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны уи ахархәара шамаз, насгьы иахьатәи аамҭазы ҭыԥс иннакыло уҳәа.