Аԥсны агәы-адатә чмазарақәа рцентр ргылахоит

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы агәы-адатә чмазарақәа акыр ирылаҵәаны иҟоуп, адунеи зегьы аҿы аԥсра аиҳарак мзызны иамоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Хара имгакәа Аԥсны иргылахараны иҟоуп амедицинатә центр ҷыда. Иара азырхахоит атехнологиа ҳаракқәа змоу амедицинатә цхыраара амҩаԥгара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.

Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша

Абри аҩыза аӡбра рыдкылан агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Москваҟа иусутә ныҟәара амҩаԥысраан.

Аминистри урыстәылатәи иколлегацәеи алацәажәеит Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ акардиологиатә центр аартразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азырхиара. Иара урыстәылатәи афедералтә клиникақәа руак афилиал аҳасаб ала аус аулоит.

Амедицинатә ԥгаԥса ала 1500-ҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа ацхыраара роуеит

"Анапы зҵаҩхараны иҟоу адокумент аганахь ала аилибакаара бзиа ҳамоуп. Мызкы ахы-аҵыхәала аиқәшаҳаҭра апроект аганқәа рыҩбагьы реицахәаԥшразы иазырхиахоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аминистр Москва иҟазаараан ирылацәажәан амедицинатә ԥгаԥса азы аиқәшаҳаҭра анагӡара азҵаарақәа, урыстәылатәи аклиникақәа рҿаԥхьа ареспублика ауалқәа ршәара азҵаарақәа.

Ҭамаз Ҵахнакьиеи урыстәылатәи амедицинатә академиа аректор Дмитри Сычев реицәажәараан еиқәышаҳаҭхеит аквалификациа ацҵараз асертификациатә циклқәа рымҩаԥгара аганахь ала.