Аишьцәа Ԥанцулаа жәларбжьаратәи ашьҭазаара иаҵанакуеит

Иҟоу аоперативтә информациала аишьцәа Ԥанцулаа аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысны Аԥсны аҵакыра аанрыжьит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18– Sputnik. Аҟәа инхоз Аинар Кәыҵниа дыршьит, Леон Кәыҵниа ишьразы аҽазышәарақәа ҟарҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Милани Зураби Ԥанцулаа жәларбжьаратәи ашьҭазаара иаҵанакуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Леон Кәыҵниа иҭагылазаашьа аҳақьымцәа ахцәажәоит

Иҟоу аоперативтә информациала аишьцәа Ԥанцулаа аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысны Аԥсны аҵакыра аанрыжьит.

Аишьцәа жәларбжьаратә ашьҭазаара рымазаарц иахәҭоу ашәҟәқәа нашьҭын Аԥсны апрокуратура хадахьы, анаҩс урҭ Урыстәыла апрокуратура хадахьы ишьҭызарц.

Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхагәаны ҳәызбала ахәра зауз 1996 шықәсазы ииз Аинар Кәыҵниа ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, иҭҟьаз ахы заахаз Леон Кәыҵниа, 1997 шықәсазы ииз, аԥҟара изырун, аԥсеиқәырхара аҟәша дҭоуп.

Ашьаус аҭҵаара хацнаркит Аҟәа ақалақь апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә усбарҭақәа адҵақәа рыҭан аишьцәа Ԥанцулаа раанкыларазы.

Рауль Ҳаџьымба амчратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Ԥхынгәы 16, Тҟәарчал араион апрокуратура аусҭҵаара хацнаркит аишьцәа Ԥанцулаа рыуацәа Ԥанцулаиа Руслан Павел-иԥа (1963ш. рзы ииз) Ԥанцулаиа Виачеслав Павел-иԥа (1967ш. рзы ииз) рӷьычреи, рыҩны амца аркреи инарыдҳәаланы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: