Леон Кәыҵниа иҭагылазаашьа аҳақьымцәа ахцәажәоит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПациенты на химиотерапии, архивное фото
Пациенты на химиотерапии, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь агәҭа иҟаз аиҿахысра иахҟьаны дҭахеит Аинар Кәыҵниа, ахәра ӷәӷәа иоуит Леон Кәыҵниа.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Леон Кәыҵниа иҭагылазаашьа цәшәара амам, ихигаз аоперациа ахьанҭара иақәшәо иҟоуп, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба.

Ԥанцулаа рҭаацәара рӷьычра иалахәу рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп

Кәыҵниа ахәышәтәырҭахь днаган ахәра ӷәӷәа иманы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра амашьына - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аиҿахысраан аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәышәтәырҭа дҭашәеит

"Игәышԥы хәын, афбатәи ивакьыҵа ԥҵәан, ижәҩахтәы ԥҵәан. Уи адагьы арыӷьарахьтәи ирыԥҳа ааха аман. Иара иаразнакы дԥырҟеит. Иахьазы иара апалатахь диагоуп, иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", - иҳәеит Воуба.

Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхагәаны агәы аԥшьынахь ҳәызбала ахәра зауз Аинар Кәыҵниа, 1996 шықәсазы ииз, ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, иҭҟьаз ахы заахаз Леон Кәыҵниа, 1997 шықәсазы ииз, аԥҟара изырун, аԥсеиқәырхара аҟәша дҭоуп.

Ашьаус аҭҵаара иаҿуп Аҟәа апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра аоперативтә усбарҭақәа адҵақәа рыҭоуп аишьцәа Ԥанцулаиаа раанкыларазы.

Рауль Ҳаџьымба амчратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Ԥхынгәы 16, Тҟәарчал араион апрокуратура аусҭҵаара хацнаркит Ԥанцулаиа Руслан Павел-иԥа (1963ш. рзы ииз) Ԥанцулаиа Виачеслав Павел-иԥа (1967ш. рзы ииз) рӷьычреи, рыҩны амца аркреи инарыдҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0