АҞӘА, ԥхынгәы 18- Sputnik. Ԥхынгәы 17 рзы иҟалаз амшцәгьа иахырҟьаны Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит, ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргоит ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Ҳаири Қәҭарба.
"Диузџьа иахьаҵанакуа хымшыуп ақәоурақәа ирҿуижьҭеи. Есма- Ҳаным аӡы аҵалт. Уа сыуацәа нхоит. Дареи сареи аимадара ҳаман уаанӡа. Иацы ахәылбыҽха амш ааихыкәкәан аха нас еиҭалагеит ақәоура. Аӡы аҩбатәи аихагылаҟынӡа инеиит", - еиҭеиҳәоит Ҳаири Қәҭарба.
Уажәазы аимадара маҷуп. Афымцалашара ыҟам, амҩақәа аӡы иҵнаӡәӡәааит.
"Ауаа ртелефонқәа тәеит. Аимадара ҳамаӡам", - иҳәеит иара.
Уи адагьы иазгәеиҭеит ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Қәҭарба аԥсуа қыҭа Есма-Ҳаным иҟоу аӡхыҵразы: ауааԥсыра аимадара рымам
Аҟәысба еиҭеиҳәеит аӡхыҵра ашьҭахь аԥсуа қыҭақәа цхыраарас ирырҭо
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп