"Аӡхыҵра иҟалаз аԥсуа жәлақәа Қәҭараа, Қапаа, Аҩӡаа, Ԥачлиаа уҳәа ахьынхоз ақыҭақәа аԥхасҭа рынаҭеит. Ашьхақәа рҟынтәи икыдырҩны иааз аӡы, анышә, ахаҳә ақыҭақәа ирылсны амшын ахь ицеит. Амҩақәа уажәы аус рыдырулоит, ҳара шьхала иҟаз амҩахәасҭақәа рыла аҭыԥахь ҳааит. Ҳзеигәырӷьо, аԥсуаа аӡәгьы дымԥсӡеит, аладахьы иҟаз ақыҭақәа рахь быжьҩык аҭырқәа милаҭ еиуаз аӡы иагеит. Анхарҭақәа, амхқәа, арасаҭрақәа, амҩақәа ааха рынаҭеит, афымца, аӡы ыҟам. Еиҳарак ааха аиуит Есма-ҳаным ақыҭа 300 ҭӡы инарзынаԥшуа иахьынхоз. Аха зыҩнқәа зынӡа иԥхасҭахаз уиаҟара ирацәаӡам. 40-60 ҩны рҟынӡа анхарҭазы иманшәалам. Зегьы ҳамч еилаҵаны ҳрыхәартә иҟоуп. Араҟа инхақәоз аиҳарак Диузџье аҩнқәа змоу ыҟоуп. Аҩнқәа змам рганахьала аицәажәара ҳаман ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи, аҩнқәа ҳархиеит ҳфедерациа аганахьала ауаа рхы ахьыҵаркыша. Сҭампылтәи ҳхеидкыла аиҳабы Шамиль Ешба ибзоурала амашьына дуқәа рыла аӡы ааргеит. Ҩыџьа апарламент аҟынтәи ҳдепутатцәа Папбеи Иашбеи ҳаимадоуп, иҟаҳҵаша ҳаилацәажәоит. Убасгьы иаразнак Аԥснынтәи аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра аҟынтәи адырра ҳауит арыцҳара иақәшәаз ауаа рыцхраара ишазхиоу, уи ара даара еигәырӷьеит. Ус иазхәыцуа дҟалар, Аԥсныҟа аӡәы ихынҳәыр зҭаххо ҟалар, адырра ҟаҳҵоит", -иҳәеит Аҟәысба.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит
-
Қәҭарба аԥсуа қыҭа Есма-Ҳаным иҟоу аӡхыҵразы: ауааԥсыра аимадара рымам