Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит

© Foto / Ali EsmahanimНаводнение в Турции
Наводнение в Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит, ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18- Sputnik. Ԥхынгәы 17 рзы иҟалаз амшцәгьа иахырҟьаны Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит, ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргоит ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Ҳаири Қәҭарба.

"Диузџьа иахьаҵанакуа хымшыуп ақәоурақәа ирҿуижьҭеи. Есма- Ҳаным аӡы аҵалт. Уа сыуацәа нхоит. Дареи сареи аимадара ҳаман уаанӡа. Иацы ахәылбыҽха амш ааихыкәкәан аха нас еиҭалагеит ақәоура. Аӡы аҩбатәи аихагылаҟынӡа инеиит", - еиҭеиҳәоит Ҳаири Қәҭарба.

Уажәазы аимадара маҷуп. Афымцалашара ыҟам, амҩақәа аӡы иҵнаӡәӡәааит.

"Ауаа ртелефонқәа тәеит. Аимадара ҳамаӡам", - иҳәеит иара.

Уи адагьы иазгәеиҭеит ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0