Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Акыр зычҳаз – акыр ибеит
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟынтәи аԥсуа делегациа ҳаицны Ҟарачы-Черқьесиаҟа ҳҿынаҳхеит ашьыжь, асааҭ 7 рзы. Ицаз аҵх самхаԥҽит, арахь амҩагьы кыр аамҭа ҳшықәхоз сдыруан, аха уи рацәак хырҩа асымҭеит. Сара стәала, сааԥсара сыцырхырааны автобус аҟны сзыцәоз џьысшьон. Уи алагьы схала сымҩа сыркьаҿып ҳәа азысыӡбеит.
Аха Черқьесскынӡа 18 сааҭ амҩа ҳақәнаҵы, еиҳа-еиҳа агәра згон сыԥсы шьаны амҩа сықәлазҭгьы, кырӡа ишеиӷьхоз. Амҩан лассы-лассы ҳаанкылон: зны аҭаҭын ахаразы, зны акы ҳнацҳаразы, даҽазны амҩа змаабыз аӡәык-ҩыџьак ршьарахь раагаразы уҳәа. "Ҳаплан" ианымыз даҽа сааҭк, амҩан итҟәацыз ҳбарбал аԥсахра иақәырӡтәхеит аҟнытә, ҳшақәгәыӷуаз еиԥш лассы ҳашзымнеиуаз еиҳа-еиҳа еилаҳкаауан.
Черқьесск ақалақь аҟны ҳнаӡеит асааҭ аказы, ҵхыбжьон. Ара ҳаҟанаҵы ҳахьыԥхьалашаз ауадақәа ҳарҭеит рацәак еицәыхарамкәа игылаз аԥсшьарҭа ҩнқәа ҩба рҟны. Ацаԥхақәа анаҳзыршоз, сҩызеи сареи егьырҭ раҵкыс иҳақәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит. Избан акәзар "Риҵа" захьӡыз асасааирҭа ду аҟны хҩы-ԥшьҩык зкуа, ателехәаԥшыга дуӡӡа зыҩнагылаз ауада ҭбааҭыцә ҳҩыџьагьы ҳхала иҳаӡеит. Ауадақәа еихаҳшонаҵы, ҳҽеиҭаҳкуанаҵы, ицеит даҽа ҩбаҟа сааҭ. Ацәара ҳҽазаҳкаанӡа уаҵәтәи ҳапрограмма ҳанахәаԥш, аԥсшьаразы иаҳзаанхаз аамҭа ҩба-хԥа сааҭ ишеиҳамыз ҳнарбеит.
Сасра уцозар шьыжьнаҵы…
Ашьыжь, асааҭ 8 рзы ҳавтобус ҳнақәтәан, 6-тәи Есышықәсатәи абаза жәлар рыхәмаррақәа сынтәа издызкылоз аул Ельбурган ахь ҳҿынаҳхеит. Ҽынла Ҟарачы-Черқьесиа даҽа хаҿра ссирк аманы ҳҿаԥхьа иаацәырҵит. Амҩа ҳақәнаҵы ҳалаԥшҳәааҿы иҟан абахәрақәа зҿыкәыршаз адәеиужь дуӡӡақәа. Хьыԥшшәыла адәы ҭзырҭәаауаз азараҟьақәа ракәзар, акыр иаԥсахарын аҳаракыра аҟынтәи рыхәаԥшра. Аха сара хаҭала автобус аҳаракырагьы сызхеит урҭ рыԥшӡара ахә ашьаразы.
Лассы амҩа хада ҳаныҵын, зыхьӡ агәынкылара сылымшаз қыҭак ҳналалеит. Ҳмашьына инахьыԥшуаз аҭаҳмадцәа, харантәи ҳшааз еилыркаазшәа, рнапқәа ҟьо аԥсшәа ҳаҳәаны, лаԥшыла харанӡа ҳнаскьаргон. Аҿар ракәзар, уеизгьы-уеизгьы аӡәгьы адәахьы дубомызт. Иҟалап урҭ уажәы ҳара ҳамҩа ахьхоу аицлабрақәа рахь ицахьазар.
Ельбурган ҳнаӡаанӡа даҽа акы-ҩба қыҭа ҳалсны ҳцон, аха урҭ аки-аки злеиԥшым ҳәа акгьы сзазгәаҭом. Анхарақәа зегьы мышкала еицдыргылазшәа еиԥшӡоуп: аҩнқәа зегьы еихагылак рыҭаны, ашҭа зынӡаск иаармаҷны, агәараанда уалԥшны акгьы умбо иҳаракны. Ашҭақәа зламаҷу ала, амашьына аҭаргыларҭагьы ыҟаӡам уҳәар ауеит, аха агәашә ааигәа-сигәагьы акгьы адгыланы иубом. Иҟалап уажәааны зегьы русурақәа рахь иҟазар, мамзаргьы амашьынақәа зынӡагьы ирымаму?
Аул Ельбурган уахьалало аҭыԥ аҟныҵәҟьа, рмилаҭ маҭәақәа рышәҵаны, рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы, рыҽқәа ирықәтәаны иаҳԥылеит аԥшәмацәагьы. Ари аҩыза аиԥылара ишақәнагоу еиԥш аԥсшәа анеибаҳҳәа, саси-ԥшәымеи ҳаиманы ақыҭа агәахьы ҳҿынаҳхеит. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иахьыҟаз аҭыԥ аҟны ҳанынаӡа, ҳара еилаҳкааит аҿари амашьынақәеи амҩан ҳалаԥш зрықәымшәоз змааназ. Урҭ зегьы ара иҟазаарын.
Абаза жәлар рыхәмаррақәа еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҟны аицлабра рҽаладырхәит ҳара ҳаспортсменцәагьы. Иҟоуп алҵшәа аарԥшра ахьҳалшаз аспорт ахкқәа. Иаҳҳәап "дартс" захьӡу аицлабраҿы аҭыԥҳацәа рыбжьара аиааира лгеит Емира Еныкьԥҳа. Иара уи ахкаҿы арԥарцәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит Адам Кациа. Ашьапылампыл асыҩцәагьы ицәгьамкәа рхы аадырԥшит, аха маҷк ақәҿиара рзымхаӡеит. Дара раԥхьатәи ахәмаррақәа ҩба ириааит, аха анаҩс ҩынтә иаҵахан, афиналбжа аҟынӡа изымнаӡаӡеит.
Ҳаргәырӷьеит анапылампыл асразы аҭыԥҳацәа ркомандагьы. Дара афинал аҟны изцыхәмаруаз аԥшәмацәа ириааин, актәи аҭыԥ рҽаԥсартәит. Абас иҟан абаза жәлар есышықәсатәи рыхәмаррақәа рҟны ҳара ҳаспортсменцәа реихьӡарақәа.
Гәаԥхачара ҳауит
Аицлабрақәа анхыркәшаха, аԥшәмацәа аишәахь ҳаарыԥхьеит. Ҳәарада, аҟарачқәеи ачерқьесқәеи рмилаҭтә чыс хкқәа ҳара ҳчеиџьыка иахьазааигәоу ыҟоуп. Аха, зегьакоуп, ирацәаӡахеит схазы иазгәасҭаз аиԥшымзаарақәагьы. Ҳара аҟәыди абысҭеи ицаҳәцаҳәо ауп афара бзиа ишаҳбо, араҟа арҭ ачыс хкқәа ихьшәашәаны иҳамҵарҵеит. Абысҭагьы, "аҽыҩ захымԥо" аԥсуаа ишанырҵо еиԥш акәымкәа, хәҭа-хәҭала иԥыҟҟаны асаан иануп, аҿахрагьы зынӡаск имаҷуп.
Лассы иаҳзааргеит "ачаш" захьӡу, ганкахьала ҳара ҳчашә иазааигәоу ачыс хкы. "Ачаш" - имаҷ-маҷны иӡу, ашә згәылоу фатәуп. Сгәанала, уигьы ихьшәашәаны иахьырфо аҟнытә, агьамаҿгьы иацәыӡуа рацәоуп.
Ҷыдала сгьама иақәшәеит акрыфаны ҳанеилга гәырхаагак аҳасабала иаҳзааргаз абрынџь хаа. Сара сеиԥш, еицыз ҳҟынтәи иҟалеит аӡәык-ҩыџьак ари ачыс згәы иақәшәаны даҽа саанк-саанк иаҳәақәазгьы. Иара убас гәахәара дула исфеит "тузлук" захьӡу ацыфа. Згьама ҳбаз зегьы ҳхаҳарц азы иҳазҭарҭәеит рацәак иџьбарам, узмырҩашьуа ачерқьес жәлар рмилаҭ рыжәтә "бахсыма". Адәахьала ахш еиԥшыз ари аӡрыжәтә ихааӡа сҿаҿы иннажьыз агьама ҳара ҳацхаӡҩа аасгәаланаршәеит.
Аамҭак азы сҩызеи сареи ҳазцыз ҳарцәыхҟьан, ақалақь аҟынӡа машьынак нкыланы ҳцар акәхеит. Амашьына лас "Лада" ала ҳазгаз аҟарач хаҵа, Пиатиорскнтәи Черқьесскҟа дахьаауаз, зынӡа ҳаԥсы даԥшәмахеит. Иазгәаҭатәуп Ҟарачы-Черқесиа иныҟәо амашьынақәа, шамахамзар зегьы Урыстәыла иҭнажьқәаз шракәу. "Алемсааи" "иапонааи" ҳәарада амҩақәа рҿы иуԥылоит, аха урҭ уарла-шәарла ауп, ирацәаӡам.
Насгьы араҟа ҳара ҳҿеиԥш арахә "рреидқәа" урылаҳаӡом, аҽқәа ракәзаргьы, амҩа ааигәа-сигәа улаԥш иҵашәаӡом. Ҳазгоз аҟарач иҳаилиркааит аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаа еиҳа-еиҳа арахә шанырхуа, анкьа еиԥш ажәқәа рааӡара ишазҿлымҳам.
- Уажәы арахә зааӡо афермақәа роуп, дара урҭгьы сыхәнацәак рыла еиқәысыԥхьаӡоит, – игәынамӡара ҳацеиҩишон ахаҵа. Дук мырҵыкәа ақалақь аҟны ҳнаӡан, сҩызеи сареи ҳаазгаз иҭабуп ҳәа наиаҳәаны амашьына ҳҭыҵит. Иаразнак атакси нкыланы, ҳашиашаз асасааирҭахь ҳцеит. Жәабаҟа-жәохәҟа минуҭ амҩа ҳазлақәыз ала, хышәҟа мааҭ ҳамихуаз џьаҳшьон. Шә-мааҭк роуп исҭаху аниҳәа, азныказы иаҳзеилымкааз џьаҳшьеит. Аҟәатәи атаксист шә-мааҭк рзы ақалақь акәшара акәым, дахьгылогьы деиҭамҵыр ҟалап.
Агәҿыӷьха аныҟам
Адырҩаҽны ҳарҭ Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа ҳарҵаҩцәа ҳрыцны ҳаҭааит Ҟарачы-Черқьесиатәи Акьыԥхь аҩны. Уа ажурнал "Абазашҭа" аредакциаҿы еиҿкаан Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкыз аиқәшәара.
Ари аиԥылараҿы иӡыргахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа Сергеи Уасил-иԥа изкны илҩыз ашәҟәы "Путь мудрости и мужества". Ашәҟәы аԥхьаҩцәа дырдырра, рыдгалара иаҭыԥны ажурнал "Абазашҭа" машәыршақә иалхымызт. Арахь изныкымкәа дымҩахыҵхьан, аусзуҩцәагьы хаҭала драбадыруан, аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аратәи аҩызцәагьы иман Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихаҭагьы. Ашәҟәы аӡыргара иазкыз анҵамҭақәа ҟарҵеит Урыстәылатәи афедералтә каналқәа акы-ҩба.
Ари амш егьырҭ раасҭа хҭысла еиҳа игәылҭәаахеит. Акьыԥхь Аҩнаҟны иазԥхьагәаҭаз ҳусура аныхҳаркәша, ҳара ҳзы еиҿкаан аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Олег Етлухов иԥылара. Аҽны иара убас имҩаԥаҳгеит адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахада Мусса Екзеков иҿцәажәарагьы. Хԥа-ԥшьба сааҭ ицоз ҳаиҿцәажәарақәа анхыркәшаха, ҳаԥсы неиҭаҳкразы ҳаргеит "Адиух" захьӡу аԥсшьарҭа ҭыԥ ахь. Аусуреи, аныҟәарақәеи, аиҿцәажәарақәеи рыла игәылҭәааз амш ахыркәшамҭа кырӡа иԥсыршьагахеит.
Адырҩаҽны, ԥхынгәымза 23 рзы Абаза жәлар акультура амши Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амши ирызкны апарк "Адгьылбжьаха иаҵәа" аҟны еиҿкааз аныҳәа ҳҽалаҳархәит ҳаргьы. Аныҳәатә концерт аҟны аԥсуа шәақәа нарыгӡеит ҳашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа Саниа Ҭаниаԥҳаи Саида Азизовеи. Аҽны ихәлаанӡа ҳбираҟ амш рыцазгәаҳҭон ҳаиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа. Аҵх агәы еиҩнашон еиԥш, ҳсасааирҭахь ҳхынҳәын, сааҭқәак ҳаԥсы шьаны, ҳҽааибаркны Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит.
Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуаз акультура-спорттә фестиваль аҟны аԥсуа делегациа напхгара аиҭон Аԥсуа-абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы алдыршеит Мусса Екзеков напхгара зиҭо аиҿкаарақәа: Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара", иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит
Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп
Хапат абаза жәлар рыхәмаррақәа рзы: ҳҵеицәа еидызкыло, еибазырдыруа ауп