Аԥсныи Урыстәылеи аҵиаақәа ркарантин аусхк аҟны русеицура дырӷәӷәоит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит нанҳәа 6 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабыра рыбжьара аҵиаақәа ркарантин аусхк аҟны аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵараҩит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара реилатәараҿы.

Аганқәа ирыгәҭакуп аҵиаақәа ралагалареи ралгареи рызҵаарақәа рҟны аусеицура арҭбаара. Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырақәа хыдҵаны иргоит аԥырхагазуҩцәа ирхырҟьаны аԥхасҭа аиҵатәра.

Аԥсны акарантинтә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа иажәақәа рыла аганқәа русура дырӷәӷәоит аинформациа аимдареи аалыҵ ахылаԥшреи рызҵаарақәа рҿы.

Иазыԥхьагәаҭоуп абри ахырхарҭала Урыстәылаҟа рдырра ацҵаразы астудентцәа рышьҭра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: