Аԥсныи Урыстәылеи аҵиаақәа ркарантин аусхк аҟны русеицура дырӷәӷәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсныи Урыстәылеи аԥсабара аԥырхагазуҩцәа ирҿагылоит
Аԥсныи Урыстәылеи аԥсабара аԥырхагазуҩцәа ирҿагылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит нанҳәа 6 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабыра рыбжьара аҵиаақәа ркарантин аусхк аҟны аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵараҩит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара реилатәараҿы.

Аганқәа ирыгәҭакуп аҵиаақәа ралагалареи ралгареи рызҵаарақәа рҟны аусеицура арҭбаара. Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырақәа хыдҵаны иргоит аԥырхагазуҩцәа ирхырҟьаны аԥхасҭа аиҵатәра.

Аԥсны акарантинтә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа иажәақәа рыла аганқәа русура дырӷәӷәоит аинформациа аимдареи аалыҵ ахылаԥшреи рызҵаарақәа рҿы.

Иазыԥхьагәаҭоуп абри ахырхарҭала Урыстәылаҟа рдырра ацҵаразы астудентцәа рышьҭра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0