Аҵарауаҩ Едуард Гәбаз иажәақәа рыла, иахьа уажәраанӡагьы иаԥҵатәын Аԥсны иҟоу аҵиаақәа зыхьчо Ашәҟәы ҟаԥшь.
"Избанзар, Аԥсны изҳауеит 83-хкы аҵиаақәа адунеи аҿы џьаргьы иуԥымло. Уи акы анаҳцәыӡ уи џьаргьы иуԥылаӡом", — иҳәеит иара.
Аԥсны аботаникатә институт адиректор Едуард Гәбаз далацәажәеит иҭыҵран иҟоу Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь
Аҵиаақәа рнаҩсан, Ашәҟәы ҟаԥшь ианылоит Аԥсны иҟоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рсиа.