Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ианал Ешьеҳан-Ҳаԥашь, хылҵшьҭрала дадыгоуп, дынхоит Нигериа, ҩыџьа ахшара драбуп. Ианал арҭ амшқәа рзы иԥсы ишьоит Аԥсны. Иара излаиҳәаз ала, иԥсы изалымхуа бзиа ибеит, аҩныҟа дхынҳәны данцалак, иԥшәмеи иареи еиқәшаҳаҭханы иҭаацәа иманы арахь нхара даарц иҭахуп.
"Сара сиит, сызҳаит Шьамтәыла. Уаҟа ашколи иреиҳау аҵараиурҭеи срылгеит, занааҭла нџьныр-механикуп. Сан, Сумаиа Шьурди ҟабарда хылҵшьҭроуп, лџьынџь Ҟабарда-Балкариа ауп, Аргәыдан ақыҭа инхон лабшьҭра, уажәгьы уа иҟоуп урҭ рдацқәа", - абас ажәабжьҳәара дналагеит Ианал Ҳаԥашь.
Ианал Ҳаԥашь, абар уажәшьҭа жәашықәса инареиҳауп Нигериа дынхоижьҭеи. Иҧшәма дашәыуаҭыԥҳауп. Иара аус иуеит акосметологиатә наплакаҿы менеџьерс. Аԥсны аӡбахә Шьамтәыла даныҟаз акырынтә иаҳахьан, уа инхо аԥсуа- дыга диаспореи еибабалон, рҭоурых, рҵас, ркультура иалацәажәон, аҩызцәа маҷымкәа иман.
"Сани саби хҩык ахшара ҳрааӡеит, ҩыџьа аишьцәеи иаҳәшьаки. Сашьа дынхоит Америка, саҳәшьа Германиа дыҟоуп, дҭаацәароуп. Сымаҳә даԥсыуоуп, Аҧсныҟа даахьеит, иара иҟынтә имаҷым издыруа Аԥсны аӡбахә"-ихы-иҿы ихалашауа дҳацәажәон Нигериатәи ҳџьынџьуаҩ.
Иашар, Ҟабарда ианшьцәа дсасны дырҭааит иаҳхысыз ашықәс азы, уаҟа ирацәаҩуп инхо иҭынхацәа. Иара иан лыԥсҭазаара далҵхьеит, еснагь гәыҵхас илыман лыуаажәлар дахьырҟәыҭхаз, атәым дгьыл аҿы дахьынхоз.
"Османтәи аимпериа аамҭазы, сабшьҭра Ҭырқәтәылантәи Шьамтәылаҟа иагеит, саб иахьагьы Дамаск дынхоит. Сан лаб, аҩбатәи Адунеитә еибашьра аан Асовет Еидгыла ааныжьны Италиаҟа дцар акәхеит, ирышьклаҧшуан, ус иҟаз аамҭа иҭагылан, уантә Бырзентәылаҟа, Бырзентәылантәи Шьамтәылаҟа дааит. Сабду аҭыԥқәа ахьеиҭеикуаз џьара иижәыз аӡы иахҟьаны дычмазаҩхеит, 45 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит", - аҭоурыхтә хҭысқәа дырзааҭгылеит Ианал.
Ианал ианшьцәа руаӡәк Урыстәыла дынхоит, руаӡәк Нальчик инхоз иԥсҭазаара далҵхьеит, Аргәыдан анышә дамадоуп. Иаб иашьцәа рахьтә иҟоуп Саудовтәи Аравиеи Америкеи инхақәо. Абас, аҭоурыхтә ӡеибафара акыр икыднаҟьахьан Ианал Ҳаԥашь дызхылҵшьҭраз ҳџьынџьуаа.
"Сара исҭахуп смилаҭ иныҟәыргоу акультура смырӡырц. Сԥеи сыԥҳаи атәым ҳәынҭқарраҿы акәымкәа дара иахьыртәышьҭроу иҟазарц. Уи азы сара исылшоу зегьы ҟасҵоит. Акыр исҭахын Аԥсныҟа саарц, Анцәа иџьшьаны сыгәҭакы наӡеит. Ара сахьааиз избаз-исаҳаз акыр сыхнахит. Мызкы аԥсшьарамшқәа сымоуп. Урҭ еиҩысшарц сҭахын, жәохәымш Аԥсны, жәохәымш Ҟабарда ҳәа. Аха избо сыԥсшьара зегьы Аԥсны исхызгоит, ари адгьыл мчык амоуп, есааира сагәыланахалоит, аиаша шәасҳәоит, сааижьҭеи абра сынхозшәа ауп схы шызбо"-игәырӷьара ҳәаак амамкәа дсацәажәон Ианал.
Егьа аамҭа царгьы, Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа еинылом, уи ианысырц азы аамҭаказы иара иаҟәыҭхаз ауаажәлар, Ианал Ҳаԥашь иакәзар урҭ дыруаӡәкуп. Ашәышықәса иагәылганы иабдуцәа рҭоурых мырӡӡакәа иааигоит, игәыӷрақәагьы уи иадиҳәалоит. Иашар Ҳаԥашь атәым бызшәақәа маҷымкәа идыруеит, иан лбызшәа аҟабарда бызшәа убрахь иналаҵаны.
"Ҳара аҩны араб бызшәалоуп ҳазлацәажәо. Схәыҷқәа ирдыруазарц сҭахуп рхатәы бызшәа. Рбызшәа рзымдыркәа изеиуоугьы рыздыруам. Дара зхылҵшьҭроу амилаҭ милаҭ хазыноуп, уи иазгәыдуны ирҳәаларц сҭахуп, иара убасҵәҟьа иныҟәыргаларц рқьабызқәагьы. Аԥсныҟа сааижьҭеи шаҟа хәыцрахкы сеимаркуазеи, аԥхьаҟа сызхаҵгылаша азҵаарақәа сызцәырҵит, сыгәҭакы сахьӡап ҳәа агәаанагарагьы сымоуп", - игәҭыхақәа ҳацеиҩишон Ианал Ҳаԥашь.
Ианали сареи ҳаиҿцәажәара англыз бызшәахьтә еиҭалгон, иара акыр аиҩызара изныҟәызгаз Мальвина Бганԥҳа, иара убас уи лыԥшәма Иунус, иҭабуп ҳәа расҳәоит. Ианал Ҳаԥашь иакәзар, игәҭакқәа рынагӡараҿы аманшәалара изеиӷьасшьоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Чаары Жаде: сгəы-сыԥсы Аԥсны иҟоуп, ара сынхарц сҭахуп
Қьерем Ашәба: Аԥсны сыҟазаара ԥсҭазаара дук исзаҩызоуп