Қьерем Ашәба: Аԥсны сыҟазаара ԥсҭазаара дук исзаҩызоуп

© Foto / Сырма АшубаҬырқәтәылантәи есԥхынра зџьынџьдгьыл иаҭаауа Қьерем Ашәба
Ҭырқәтәылантәи есԥхынра зџьынџьдгьыл иаҭаауа Қьерем Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи есԥхынра зџьынџьдгьыл иаҭаауа Қьерем Ашәба иҭоурых ажурналист Cырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абар, уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит Қьерем Ашәба, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа есԥхынра ԥсшьара даауеижьҭеи. Иара иаб Ҭанер Ашәба, раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа дааит 2008 шықәса рзы. Усҟан иибаз иԥсадгьыл гәакьа убриаҟара амч ӷәӷәахеит, Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә иӡбеит нхарҭа ҭыԥк Аԥсны иааихәарц, анаҩс иҭаацәа идкыланы даарц.

Аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ииашаҵәҟьаны, Ҭанер Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳаблаҿы аҩны ааихәеит ихатә харџь ала, еиҭашьақәиргылеит, иҭаацәагьы маҷ-маҷ иадиԥхьало далагеит. Убас ауп, Ҭанер ихшара реиҳабы Қьерем Аԥсны агәыбылра шикызгьы.

"Сара саб ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп атәым дгьыл аҟны сеиҭымны сахьнимыжьыз. Избанзар, уа инхо амилаҭ рхатә ҳәынҭқарра рымоуп, рхатәы бызшәала ицәажәоит, сара издыруан сшаԥсыуаз, ишсымоу Аԥсадгьыл, аха уи аӡбахә заҵәык ада акагь сыздыруамызт, аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь уарла-шәарла ақыҭарахь сандуи сабду рахь санцоз акәын иансаҳауаз. Уажәы Анцәа иџьшьаны, схатәы бызшәа схы аланыҟәызгартә сыҟоуп сыԥсадгьыл аҿы, иара убас сазгәыдуны исҳәоит издыруа ахәыҷы уи анҭыҵгьы", - дҳацәажәон Қьерем.

Қьерем Ашәба иандуи иабдуи нхоит Ҭырқәтәыла иҟоу Џьгьарда ақыҭаҿы. Иҭаацәеи иареи Адаԥазар, Сақариа ақалақь аҿы. Қьерем, Сҭампылтәи аргылара-анџьныртә факультет аҩбатәи акурс аҟны дтәоуп, аҵара апроцесс зегьы дахысуеит англыз бызшәала. Иара иаб иакәзар, иусура еилеигӡоит Аԥсныи Ҭырқәтәылеи. Еиҳарак дахьыҟоу Аԥсноуп.

Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

"Сара саб, ииашаҵәҟьаны аҭагылазаашьақәа зегьы ҳзаԥиҵеит Аԥсныҟа ҳхьаԥшырц. Гагра ақалақь аҿы асасааирҭатә ҩнқәа еиҭашьақәиргылеит. Аԥхынра уи аусура иахылаԥшуа, насгьы иҳәаақәызҵо сара соуп. Уажәшьҭа аурыс бызшәагьы цәгьамкәа издыруеит, убри аҟынтә аԥсшьацәа анҳадаҳкылоугьы ҭырџьманда ҳаицәажәоит дареи сареи", - иҳәеит Қьерем Ашәба.

Намық Арсҭаа - Sputnik Аҧсны
Намық Арсҭаа: унапы злаку аус гəыла-ԥсыла уазнеиуазароуп

Хымԥада, аҭаацәараҿы ахәыҷы иоуа ааӡара уи ихымҩаԥгара ианымԥшырц залшом. Асасцәа згым, Аԥсынтәылеи, Ҭырқәтәылеи, иара убас егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟынтә иаауа ҳџьынџьуаа рзы, Ҭанер Ашәба игәашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартуп. Еснагь игәараҭа иҭыҩуеит агәырӷьабжьы, зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа ибжьы.

"Асасцәа бзиа иаҳбоит ҭаацәала зегьы. Исгәалашәом сара сан ахааназы лылахь еиқәны данызбахьоу, егьа дааԥсаны дыҟазаргьы уи лылнырԥшӡом, еснагь лхы-лҿы еихаччоит. Сара дсымоуп аиаҳәшьа хәыҷы Зульаль, иара убас дыҟоуп сашьа хәыҷы Самеҭ. Саҳәшьа Ҭырқәтәыла ашкол дҭоуп, сашьеиҵбы макьана дхәыҷуп. Урҭ ргәы хыҭ-хыҭуа аԥхынра анбааиуеи ҳәа иԥшуп, избанзар Аԥсныҟа аара гәхьааргоит. Араҟа иҳамоуп аҩызцәа, ауацәа, аҭынхацәа. Аиашазы, Аԥсны сизшәа, сааӡазшәа ауп схы шызбо. Сҵара шыхсыркәшалак еиԥш арахь саауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Қьерем Ашәба.

Қьерем Ашәба дхәыҷы аахыс аԥсуа культура дазҿлымҳауп. Иаб еснагь диманы аԥсуаа рхеидкылахь дцалон, иара убраҟоуп акәашарагьы ҟазарыла иахьиҵазгьы.

Аҭанур Аҟəысба: ҳаԥсадгьыл иахәаша апрограммақәа системак иазааҳгоит

"Исгәалашәоит чарак аҿы аԥсыуала ишыкәашоз збеит. Усҟан саб иахь аҳәара ҟасҵеит ансамбль салеиҵарц. Сабгьы сажәа ҩбамтәкәа Адаԥазар еиҿкааз акәашаратә ансамбль ашҟа сигеит. Уаҟоуп еиҳагьы иахьҿыхаз сара смилаҭтә хдырра, анаҩс уи амҩа ҭбаа санылеит. Аԥсныҟа акәашаратә ансамбль салангьы изныкымкәа саахьеит, ҳтәыла ахы-аҵыхәа еимыздахьеит. Аԥсны сыҟазаара, сара сзы ԥсҭазаара дук иаҩызоуп", - абас, гәыблыла дҳацәажәон Қьерем.

Қьерем Ашәба, Аԥснынтә дхынҳәны Ҭырқәтәылаҟа данцо, иҩызцәа инеира иазыԥшуп. Аԥсуаа инарҷыданы имоу иҩызцәза ирзеиҭеиҳәоит Аԥсынтәыла шџьанаҭ дгьылу, уа инхоу аԥсуаа даҽа милаҭк ишрыламҩашьо, рхатә традициақәа шрымоу, урҭқәа зегьы рықәныҟәара шаҭаху, насгьы егьшымариам.

"Аԥсуара ныҟәҳамгар ҟалоума?! Уи ауп ҳара ҳмилаҭ зырԥшӡо. Сара исгәалашәом саб иҭаацәеи иареи рыбжьы еиҵыхны еицәажәахьеит ҳәа. Убас ауп ҳара ҳҭаацәараҿгьы, аҳра ауазароуп аԥсуара. Сара аусура сацәаашьаӡом, егьԥхасшьаӡом. Аԥхынра арахь санаауа сара дсыцаауеит сҩыза ҷкәын, иара дадыгоуп, иан Гәымԥҳауп. Иареи сареи аус еицаҳуеит, ҳхәыҷаахыс ҳаицуп, аԥсуа дернеқь ахьгьы ҳаицныҟәон", - иҳәеит Қьерем Ашәба.

Ииашаҵәҟьаны, исҳәарц сылшоит Қьерем сыбла аԥхьа изҳаит ҳәа. Сусура аганахь ала Ҭырқәтәылаҟа санцалоз, сашьа Ҭанер Ашәба иҭаацәара лассы-лассы срысасуан. Уаҟа сара избарҭан аԥсуара агәы шеилашуаз, агәараҭа аҩызцәеи, аҭынхацәеи, асасцәеи шагмыз. Еиҳагьы сзеигәырӷьо хҭысны иҟалеит уи аҭагылазаашьа Аԥсны аԥҵара ахьалдыршаз. Ишырҳәо еиԥш, аб ихаҭыԥан дгылоит аԥа. Сгәы иаанагоит Қьерем Ашәба иаб иҵеира аԥхьаҟа иҵегьы даԥсахап, ихаирҭәаап ҳәа.

Ҭалиаҭ Аҭрышба: апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи

Арҭ аҭаацәара ирызкны иуҳәаша акырӡа ыҟоуп. Аха, дара ахӡыргара злам, ажәа мыцхәы мҳәаӡакәа аус назыгӡо ируаӡәкуп. Иҭбаахаит нас, шықәсқәак раԥхьа зыԥсадгьыл аҿы иӷәӷәаӡа зыҵәҩаншьап азырсыз Ҭанер Ашәба игәараҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0