Чаары Жаде: сгəы-сыԥсы Аԥсны иҟоуп, ара сынхарц сҭахуп

© Foto / Сырма АшубаЧаары Жаде
Чаары Жаде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зан даԥсыуоу аедыгь рԥыс Чаары Жаде Аԥсныҟа имоу абзиабареи уи арахь данаауа инапы злакуи ртәы Сырма Ашəԥҳа лматериал аҟны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Чаары Жаде аедыгь хылҵшьҭроуп. Иара дынхоит Адаԥазар, Сақариа ақалақь аҿы. Аҵара иҵоит Сҭампылтəи иреиҳау аҵараиурҭаҿы аекономикатə факультет, аҩбатəи акурс аҿы. Иан даԥсыуоуп, Гəымԥҳауп.

Ҭырқәтәылантәи есԥхынра зџьынџьдгьыл иаҭаауа Қьерем Ашәба - Sputnik Аҧсны
Қьерем Ашәба: Аԥсны сыҟазаара ԥсҭазаара дук исзаҩызоуп

Чаарыи сареи ҳаибадырит Ҭанер Ашəба иҿы. Ҭанер иԥа Қьереми иареи ихəыҷы аахыс еиҩызцəазаап, есԥхынра аԥсшьарамшқəа анрымоу рҩыџьагьы Аԥсныҟа еицаауазаап, араҟа ус баша итəаӡам, атуризм аганахьала аус руеит, аӡəгьы ихьыԥшымкəа рхы ныҟəыргоит.

Чаары дыздыраанӡагьы иаразнак еилыскааит Кавказаа дшырхылҵшьҭраз инапаҿы ианыз адырга ала. Анаҩс, Қьерем сиазҵааит: "Ари арԥыс дызусҭада?" - ҳəа, исеиҳəеит дызусҭаз, зегь раԥхьа иргыланы иҩыза гəакьа шиакəыз, ихəыҷаахыс Ҭырқəтəыла аԥсуа кəашарахьы ишеицныҟəоз, уа ишеибадырыз, уижьҭеи еишьцəаҵас ишеибабо. Саргьы сҩагылан, Чаары даасгəыдыҳəҳəалан, аԥсшəа иасҳəеит, иааигəаны ҳаибадырырц, ҳаицəажəарц сҭаххеит. Дыԥхашьа-ԥхаҵо исҳəаз дақəшаҳаҭхеит.

© Foto / Зеррин ШамбаЧаары Жадеи Қьерем Ашәбеи ианыхәыҷыз излаз аамилаҭтә кәашареи шәаҳәареи ргәыԥ "Уаҳаира мырзакан"
Чаары Жадеи Қьерем Ашәбеи ианыхәыҷыз излаз аамилаҭтә кәашареи шәаҳәареи ргәыԥ Уаҳаира мырзакан - Sputnik Аҧсны
1/2
Чаары Жадеи Қьерем Ашәбеи ианыхәыҷыз излаз аамилаҭтә кәашареи шәаҳәареи ргәыԥ "Уаҳаира мырзакан"
© Foto / Сырма АшубаҚьерем Ашәбеи Чаары Жадеи аԥсуа милаҭтә ҟазара иабзоураны ирыбжьалаз аиҩызара рхәыҷра иагәылганы иааргоит
Қьерем Ашәбеи Чаары Жадеи аԥсуа милаҭтә ҟазара иабзоураны ирыбжьалаз аиҩызара рхәыҷра иагәылганы иааргоит - Sputnik Аҧсны
2/2
Қьерем Ашәбеи Чаары Жадеи аԥсуа милаҭтә ҟазара иабзоураны ирыбжьалаз аиҩызара рхәыҷра иагәылганы иааргоит
1/2
Чаары Жадеи Қьерем Ашәбеи ианыхәыҷыз излаз аамилаҭтә кәашареи шәаҳәареи ргәыԥ "Уаҳаира мырзакан"
2/2
Қьерем Ашәбеи Чаары Жадеи аԥсуа милаҭтә ҟазара иабзоураны ирыбжьалаз аиҩызара рхәыҷра иагәылганы иааргоит

"Сара уажəшьҭа хынтəуп Аԥсныҟа саауеижьҭеи. Раԥхьаӡа акəны арахь сааит акəашаратə ансамбль саланы. Усҟан Аԥсны ахы-аҵыхəа зегьы еимаҳдеит, аиаша шəасҳəоит, егьысыӡбеит наунагӡа абра саанхарц. Сҵара хыркəшаны, ишəасҳəаз сыгəҭакы насыгӡар сҭахуп", - игәҭыхақəа ҳацеиҩишон Чаары Жаде.

Чаарыи Қьереми аныхәыҷыз иахьеицныҟәоз амилаҭтә кәашареи шәаҳәареи ргәыԥ "Уаҳаира амырзакан" ахьӡын. Уи аиҿкаараҿи аусураҿи зџьабаа рацәоу Зеррин Шамԥҳа излаҳзаалыцҳаз ала, арҭ аҷкәынцәа рҩыџьагьы даара иааӡаз, змилаҭтә цәаҩа ӷәӷәала изныԥшуаз ҷкәынцәан. Ари агәыԥ аиҿкаарагьы хықәкыс иамаз Ҭырқәтәыла инхоз Кавказ хылҵшьҭрақәа рдоуҳатә культура рдыруа, агәыбылра рыманы, рыԥсадгьыл бзиа ирбо иҟаларц акәын. Уи азы анапхгаҩцәа рылшамҭа, хымԥада, идууп, уи иалҵшәахаз арҭ ҩыџьа аиҩызцәа рҿырԥшала иумбар залшом.

Чаары Жаде иан даԥсыуоуп. Ҭырқəтəыла, Балбала (Калдахəара) ақыҭа деиуоуп. Иара дхəыҷаахыс иандуи иабдуи рахь аанҿасра дцалон. Уаҟа иибоз аԥсуара, изеиҭарҳəоз ажəабжьқəа Чаары имнырырц залшозма.

Нурҭен Бала - Sputnik Аҧсны
Нурҭен Балԥҳа: аԥсшәа ҵаны Аԥсныҟа сцоит

"Сара сан еснагь илҳəалон хылҵшьҭрала дшаԥсыуаз, лабдуцəа Аԥсны ишҭыҵыз, ахҵəара ишақəшəаз. Сан лыԥсадгьыл макьана илымбаӡац, аха хымԥада аара лгəы иҭоуп. Сара Аԥснынтə схынҳəны Ҭырқəтəылаҟа санцалак, сҭыԥ сакуам, сгəы-сыԥсы абрахь исыхоит", - иҳəеит Чаары ҳаиҿцəажəараҟны.

Чаары Жаде излеиҳəо ала, иара иан даара анырра ҟалҵеит Аԥсныҟа иааразы. Ҭырқəтəыла еиҿкаау аԥсуа хеидкылахь длышьҭуан, уа Чаары иибоз аԥсуара иадҳəалаз аҵасқəа зегьы дрызҿлымҳан, иҵон. Иара илоу абаҩхатəра иабзоураны иџьоушьаратəы дкəашоит. Иҟазара ахəаԥшра рылшахьеит Ҭырқəтəылеиԥш, Аԥсны инхо аԥсуаагьы.

Аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

"Сара саб ихылҵшьҭра Нхыҵ-Кавказ иеиуоуп. Маиҟəаԥ инхоит сабду иаб иашьеиԥацəа. Уахь макьана сымӡаӡацт, аха хымԥада сцаны избоит. Саншьҭра ргəыбылра иаԥнагазшəа збоит. Ҳара ҳҭоурых еснагь ҳазҿлымҳазароуп, зегь раԥхьа иргыланы ҳбызшəа ҳдыруазароуп. Уи ус шакəыз еиҳагьы агəра згеит Аԥсныҟа сааижьҭеи. Абызшəатə ԥынгыла анумам, аусураҿоума, аҩызцəа рырҳараҿоума, ахныҟəгараҿоума - уадаҩра умам. Сара сан лан длазуп, аха аԥсшəа бзианы илҳəон, убасгьы аԥсуара ныҟəылгон. Аҩны шамахамзар излеицəажəоз аԥсышəала акəын", - иҳəеит аедыгь ҷкəын Чаары Жаде.

Чаары Жаде, Ҭырқəтəыла имаҷымкəа Кавказаа ирхаҭарнаку аҩызцəа имоуп. Аԥснынтə дхынҳəны даннеилак, ирзеиҭаиҳəоит дахьыҟаз атəыла аӡбахə, идирбоит асахьа ԥшӡақəа, уи ихнахуагь рацəаҩӡоуп.

"Сан даара илҭахыҵəҟьоуп лыԥсадгьыл абара. Лара лажəақəа схəыҷаахыс сахьцалак исыцуп: "Сыҷкəын, удухар Аԥсныҟа уцароуп, уаҟоуп ҳара ҳгəы-ҳаԥсы ахьыҟоу", - ҳəа. Разҟыс исыман сан лажəақəа рынагӡара, иахьа сыҟоуп Аԥсны, аԥхьаҟагьы абра сҟаларц сҭахуп, абра сынхарц, абра сыԥсҭазаара мҩасырц", – дҳацəажəон Чаары Жаде.

Аԥсадгьыл ануԥхьо, уи абжьы уахьцалак иануцу, ушьа-уда ианҭоу ҭаха унаҭом, уахь уназго амҩа ԥшьа уқəнаҵоит, уи унанагоит иахьахəҭоу аҭыԥ ахь - Аԥсадгьыл ахь. Чаары Жаде аԥхьаҟа имоу игəҭакқəа рынагӡараҿы изеиӷьаҳшьап ақəҿиарақəа, аихьӡарақəа.

Ажәабжьқәа зегьы
0