"Сашьа Алхас Гәылариа аибашьраан ихыҵит 20 шықәса. Иара Ҟабарда-Бакариатәи аҳәынҭқарратә университет ахԥатәи акурс аҿы дтәан. Аибашьра ианалага саби сашьеи абџьар шьҭырхит. Иультәи ажәылараан хабарда дыбжьаӡит сашьа. Саб иԥаӡаҵә данҭаха ашьҭахьгьы аҩны даанымгылеит. Аҟәа ахақәиҭтәраан, сентиабр 27 рзы иара ахәра иоуит. Ҳәарада, иахьагьы гәырҩала ҳхәаҽуп, иахьагьы сашьа ибаҩ ҳамаӡам. Саб сашьа ихабар саҳауазар ҳәа дшыԥшыз, иҷкәын изы игәырҩеи аибашьра изааннажьыз ахәреи иахҟьаны шықәсқәак рнеиҩс иԥсҭазаара далҵит. Аха сани, саҳәшьеи, сареи иахьагьы ҳаԥшуп сашьа ихабар ҳәа ак ҳаҳауазар ҳәа", - лҳәеит Гәылариаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Хабарда ибжьаӡыз Рымш азгәарҭеит Аҟәа
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых