Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәылариа хабарда ибжьаӡыз лашьа Алхас Гәылараиа изы: иахьагьы гәырҩала ҳхәаҽуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРафида Гәылариа
Рафида Гәылариа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш азы Аҟәа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз аибашьцәеи иҭахаз афырхацәеи. Иахьа уажәраанӡа хабарда ижьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоу Алхас Гәылариа иаҳәшьа Рафида арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит лашьа иӡбахә аҟамзаара иахәыҽны ишамоу.
Гәылариа хабарда ибжьаӡыз лашьа Алхас Гәылариа изы: иахьагьы гәырҩала ҳхәаҽуп

"Сашьа Алхас Гәылариа аибашьраан ихыҵит 20 шықәса. Иара Ҟабарда-Бакариатәи аҳәынҭқарратә университет ахԥатәи акурс аҿы дтәан. Аибашьра ианалага саби сашьеи абџьар шьҭырхит. Иультәи ажәылараан хабарда дыбжьаӡит сашьа. Саб иԥаӡаҵә данҭаха ашьҭахьгьы аҩны даанымгылеит. Аҟәа ахақәиҭтәраан, сентиабр 27 рзы иара ахәра иоуит. Ҳәарада, иахьагьы гәырҩала ҳхәаҽуп, иахьагьы сашьа ибаҩ ҳамаӡам. Саб сашьа ихабар саҳауазар ҳәа дшыԥшыз, иҷкәын изы игәырҩеи аибашьра изааннажьыз ахәреи иахҟьаны шықәсқәак рнеиҩс иԥсҭазаара далҵит. Аха сани, саҳәшьеи, сареи иахьагьы ҳаԥшуп сашьа ихабар ҳәа ак ҳаҳауазар ҳәа", - лҳәеит Гәылариаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0