Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

Аҵарадырра амш аҽны, 4743-ҩык ахәыҷқәа рзы, Гагра араион аҟны игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аҵарадырра амш аҽны, Гагра араион иаҵанакуа 18 школ рахь инеит 4743-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рахьтә раԥхьаӡакәны ашкол ашәхымс ихыҵит 492-ҩык.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа лажәақәа рыла, зынӡа аҭаацәарақәа рҟынтә аԥсуа школқәа рахь иалаҵан 124 арзаҳал, аурыс школқәа рахь - 312, аерман школқәа рахь - 56.

Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аиҭашьақәыргылара макьана иахьхыркәшам азы, цәыббра 2 рзы уи аҵаҩцәа рҵарашықәс ҩаԥхьа иалагеит Гагратәи аҟазара ашкол ахыбраҟны. Ашҭа даҽа ҽнак иеиԥшымкәа аныҳәа иашьашәало иҩычан. Араҟа шьыжьнаҵы иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Иниас-ааиасуаз рыла ҭраа иԥшуан. Ари аҽны изгәаламшәада зхәыҷра…

Зхы-зҿы зхаччо аԥсшәа еибызҳәоз арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбла ихубаалон шаҟа игәхьааибагаз. Раԥхьаӡакәны аҵарадыррахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ракәзар, ргәы хыҭхыҭуа ашәҭқәа ирыгәҭылыҳәҳә ацәаҳәа иқәгылан. Сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 42-ҩык ыҟоуп.

Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

Агәырӷьаратә мшы ашҭа ҭзырҭәааз ирыдылныҳәалеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа.

"Ҽаанбзиала шәнеиааит хәыҷи-дуи. Аԥеиԥш лаша иашьагәыҭу иахьатәи амш шәадныҳәалазааит. Аҵарадыррахь зшьаҿа еихызгаз мышьҭабзиала ҳәа шәасҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп, аԥсуа школ аҭыӡқәа нзыжьуа ахәыҷқәа наҟ-наҟ Аԥсны ԥсыцқьарыла амаҵ азыруартә еиԥш ишазгыло, уи азы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Аныҳәатә цәаҳәаҟны рыхьӡ ҳәан, арҽхәабӷьыцқәа рыла иалкаан иҳаҩсыз аҵара шықәс иалагӡаны ашколтә ԥсҭазаара активла иалахәыз ахәыҷқәа.

Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

Аныҳәа иацнаҵеит аԥсуа школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рымчала еиҿкааз аконцерттә программа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: