Ҷкотуа: Гагратәи аԥсуа школ ҭагалан ахархәарахь инашьҭхоит

© Foto / Музаффар ОстановГагратәи ашкол аиҭашьақәыргылара
Гагратәи ашкол аиҭашьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвестпрограммала ҩышықәса раахыс зыргылара иаҿу Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь ахархәарахь инашьҭхоит.

АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аинвестпрограмма инақәыршәаны, ҩышықәса раахыс шьаҭанкыла зыргылара иаҿу Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахархәарахь инашьҭхоит ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа раамышьҭахь. Абри атәы иҳәеит аобиект аргылара хылаԥшра азҭо Ҭеимураз Ҷкотуа.

Ашкол иаҵанакуа ахыбрақәеи аҵакырадгьыли рҟны 90% аусурақәа хыркәшоуп. Иахьазы инхаз аҩнуҵҟа џьара-џьара аҭӡамцқәа рышәреи, акласс уадақәа рҿы алинолеум ақәҵареи, адәахьала аиԥшьырҭақәеи анаарақәеи ршьыхреи, ашҭа ариашареи роуп.

"Иҳаҩсыз аԥхынразы лассы-лассы ақәа ауан аҟнытә, адәахьтәи аусурақәа маҷк ҳзынхеит. Иахьа ашьыхрақәа мҩаԥаагоит, убас техникала ашҭа ариашареи, ахаҳәцәы ақәҵареи, ҭыԥқәак рҟны акаҭран ақәҭәареи, агазонқәа реиҿакаареи ҳаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит аспециалист.

Ҭеимураз Ҷкотуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адҵала ашкол ахь иаарго иалагахьеит аҩнымаҭәа.

Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь иаҵанакуеит иарку аҳаиртә аиасырҭақәа рыла еиԥшьу акорпусқәа ԥшьба, хԥа-хԥа еихагыла змоу аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуа ҩ-ргыларак, еихагылак-еихагылак змоу акттәи аспорттәи залқәа. Ашкол ҿыц зныҭрыс иаднакылоит 700-ҩык ахәыҷқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0