00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит

© Foto / Саида ЖибаГагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҵаҩцәа
Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарадырра амш аҽны, 4743-ҩык ахәыҷқәа рзы, Гагра араион аҟны игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аҵарадырра амш аҽны, Гагра араион иаҵанакуа 18 школ рахь инеит 4743-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рахьтә раԥхьаӡакәны ашкол ашәхымс ихыҵит 492-ҩык.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа лажәақәа рыла, зынӡа аҭаацәарақәа рҟынтә аԥсуа школқәа рахь иалаҵан 124 арзаҳал, аурыс школқәа рахь - 312, аерман школқәа рахь - 56.

© Foto / Саида ЖибаҲ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1
Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит - Sputnik Аҧсны
Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1

Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аиҭашьақәыргылара макьана иахьхыркәшам азы, цәыббра 2 рзы уи аҵаҩцәа рҵарашықәс ҩаԥхьа иалагеит Гагратәи аҟазара ашкол ахыбраҟны. Ашҭа даҽа ҽнак иеиԥшымкәа аныҳәа иашьашәало иҩычан. Араҟа шьыжьнаҵы иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Иниас-ааиасуаз рыла ҭраа иԥшуан. Ари аҽны изгәаламшәада зхәыҷра…

Зхы-зҿы зхаччо аԥсшәа еибызҳәоз арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбла ихубаалон шаҟа игәхьааибагаз. Раԥхьаӡакәны аҵарадыррахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ракәзар, ргәы хыҭхыҭуа ашәҭқәа ирыгәҭылыҳәҳә ацәаҳәа иқәгылан. Сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 42-ҩык ыҟоуп.

© Foto / Саида ЖибаСынтәа Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь актәи акласс ахь ицеит 42 аҵаҩцәа.
Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит - Sputnik Аҧсны
Сынтәа Ҳ.Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь актәи акласс ахь ицеит 42 аҵаҩцәа.

Агәырӷьаратә мшы ашҭа ҭзырҭәааз ирыдылныҳәалеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа.

"Ҽаанбзиала шәнеиааит хәыҷи-дуи. Аԥеиԥш лаша иашьагәыҭу иахьатәи амш шәадныҳәалазааит. Аҵарадыррахь зшьаҿа еихызгаз мышьҭабзиала ҳәа шәасҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп, аԥсуа школ аҭыӡқәа нзыжьуа ахәыҷқәа наҟ-наҟ Аԥсны ԥсыцқьарыла амаҵ азыруартә еиԥш ишазгыло, уи азы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Аныҳәатә цәаҳәаҟны рыхьӡ ҳәан, арҽхәабӷьыцқәа рыла иалкаан иҳаҩсыз аҵара шықәс иалагӡаны ашколтә ԥсҭазаара активла иалахәыз ахәыҷқәа.

© Foto / Саида ЖибаАшкол зықәгәыӷуа аҵаҩцәа маҷҩым
Сынтәа 4743-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь инеит - Sputnik Аҧсны
Ашкол зықәгәыӷуа аҵаҩцәа маҷҩым

Аныҳәа иацнаҵеит аԥсуа школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рымчала еиҿкааз аконцерттә программа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0