Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысшьазы

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит цәыббра 8 рзы. Абжьыҭарақәа хылаԥшра рырҭоит 12-ҩык анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik

Сариа Кәарацхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы абжьыҭара ҟалоит Москвеи Черқьесски. Черқьесск ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥ аҭыӡҭа рыԥсахит. Иахьа абжьыҭира мҩаԥысуеит Киров иашҭа, 5 Акультура ахан ахыбраҟны ҳәа ааицҳауеит алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы Заур Коблахов.

Черқьесск ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥ аҭыӡҭа рыԥсахит

Аԥсны Ацентртә комиссиа хада адыррақәа рыла аҩбатәи атур аан асааҭ 12 рзы абжьыҭара иааихьеит 19% алхыҩцәа (алхратә сиала 2383-ҩык 125401 рҟынтәи). Абри атәы аалыцҳаит АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Иара убасгьы рыбжьы рҭихьеит акандидатцәа рҩыџьагьы.

Рауль Ҳаџьымба иахьа шьыжьнаҵы, асааҭ 9:00 рзы ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ № 2 аҿы. Алхырҭатә ҭыԥ № 2 Аҟәатәи абжьаратә школ № 14 аҿы иаартуп.

"Сгәалаҟара бзиоуп. Уаҵәтәи аԥеиԥш азы сыбжьы сҭиит. Иҟалаша сызҳәом, аха агәра згоит ауаажәлар ииашу алхра шыҟарҵо. Ахшыҩ аиааип ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит иара.

Атәыла ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа ибжьы аиҭеит аҩбатәи атур аан асааҭ жәаҩа рзы.

"Аԥсны аԥеиԥш азы сыбжьы сҭиуеит. Сгәалаҟазаара бзиоуп. Сеигәыӷуеит ҳтәыла шәҭы-какаҷып ҳәа. Абжьаҭарақәа рганахь ала гәыҩбара ҳамам", - иҳәеит иара.

Даур Ақаҩба: атәыла анҭыҵ алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит

Аҩнқәа русбарҭа №3 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №3 ахь Алхас Кәыҵниа днеиит иԥа Еснаҭи иԥҳа Сариеи ицны.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык азыхиоуп алхрақәа раан иҟалар зылшо апровакациақәа раԥырҟәҟәаара.

"35 округ рҟни 152 алхратә ҭыԥи рҟны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык азыхиоуп алхрақәа раан иҟалар зылшо апровокациақәа раԥырҟәҟәаара, ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара. Аминистрра аилазаара цәыббра 7 раахыс еиҳа ирӷәӷәоу арежим ахь русура ииагоуп", - иҳәеит аминистр Гарри Аршба.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус ахьыруа Москвеи Черқьесски рҟны алхрақәа зинеилагарада ҭынчрала имҩасуеит ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба АКХ жәларбжьаратәи ацентр аҿы.

"Ишдыру аиԥш Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны. Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартӡам, актәи атур аан иахьаркыз инамаданы", - иҳәоит Ақаҩба.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит цәыббра 8 рзы. Абжьыҭарақәа хылаԥшра рырҭоит 12-ҩык анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа.