Цәыббра 29 рзы Ахысразы иаарту аицлабра мҩаԥысуеит Аӡҩыбжьа ақыҭан ахысратә комплекс "Ашьха" аҟны. Атурнир амҩаԥгара азкуп Аԥсны Аиааиреи Ахьԥшымреи аныҳәа. Сынтәа ҩынтәны еиҿкаахоит ас еиԥш иҟоу аицлабра.
"Аԥхьа ианымҩаԥаагоз ус еиҵаҳамхӡеит, иалахәыз ҳрацәаҩымызт. Уажәы Аԥсны ахы-аҵыхәа ааԥхьара раҳҭеит, сгәаанагарала 25 –ҩык рҟынӡа ашәарыцаҩцәа еизаҳгоит, хҩык аҷкәынцәа Шәачантәи иаҳзаауеит. Иҟалоит Гал, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәантә аҷкәынцәа, ақыҭақәа Аҭара, Џьгьарда рҟынтә ашәарыцара бзиа избо, аԥҟарақәа пату рықәызҵо ааԥхьара раҳҭеит, сгәаанагарала ибзианы имҩаԥысроуп. Абџьар ухатәы умазароуп, аџьаԥҳаны наугаӡом. Аԥҟара ишаҳәо ала ажәаҩатәи акалибр змоу ашәақь ауп, еивоу, еиқәу, хәбаны ихысуа акәзаргьы ҟалоит. Аицлабра ашәарыцаҩцәа рыбжьара имҩаԥаагоит. Аспорттә еицлабразы иҟоуп иара атәыцәҟьа ашәақь, аха уи аҩыза змоу даара имаҷуп. Убасгьы аицлабра зхы алазырхәо имазароуп абџьар азы ашәҟәы, иара ишитәу зыршаҳатуа, ашәарыцаразы аблеҭ", - иҳәеит Ақәраа.
Аӡҩыбжьа имҩаԥгахо аицлабра еиҿнакаауеит Ахысразы Аԥсны афедерациа Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак адгыларала.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәыҵниа: ашәарыцара ииашаны иазнеиуа изы аамҭа бааԥсхеит
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа