Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ақәраа еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәа рыбжьара Аӡҩыбжьа аицлабра шымҩаԥгахо

© SputnikАхысразы иаарту аицлабра аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ерсҭоу Ақәраа
Ахысразы иаарту аицлабра аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ерсҭоу Ақәраа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахысразы иаарту аицлабра аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ерсҭоу Ақәраа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәа рыбжьара аицлабра анымҩаԥырго, уи иалахәхо, ԥҟарас изықәныҟәо.
Ақәраа еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәа рыбжьара Аӡҩыбжьа аицлабра шымҩаԥгахо

Цәыббра 29 рзы Ахысразы иаарту аицлабра мҩаԥысуеит Аӡҩыбжьа ақыҭан ахысратә комплекс "Ашьха" аҟны. Атурнир амҩаԥгара азкуп Аԥсны Аиааиреи Ахьԥшымреи аныҳәа. Сынтәа ҩынтәны еиҿкаахоит ас еиԥш иҟоу аицлабра.

ашәарыцара асезон - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцара абзиабаҩцәа ирдырыр иахәҭоу

"Аԥхьа ианымҩаԥаагоз ус еиҵаҳамхӡеит, иалахәыз ҳрацәаҩымызт. Уажәы Аԥсны ахы-аҵыхәа ааԥхьара раҳҭеит, сгәаанагарала 25 –ҩык рҟынӡа ашәарыцаҩцәа еизаҳгоит, хҩык аҷкәынцәа Шәачантәи иаҳзаауеит. Иҟалоит Гал, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәантә аҷкәынцәа, ақыҭақәа Аҭара, Џьгьарда рҟынтә ашәарыцара бзиа избо, аԥҟарақәа пату рықәызҵо ааԥхьара раҳҭеит, сгәаанагарала ибзианы имҩаԥысроуп. Абџьар ухатәы умазароуп, аџьаԥҳаны наугаӡом. Аԥҟара ишаҳәо ала ажәаҩатәи акалибр змоу ашәақь ауп, еивоу, еиқәу, хәбаны ихысуа акәзаргьы ҟалоит. Аицлабра ашәарыцаҩцәа рыбжьара имҩаԥаагоит. Аспорттә еицлабразы иҟоуп иара атәыцәҟьа ашәақь, аха уи аҩыза змоу даара имаҷуп. Убасгьы аицлабра зхы алазырхәо имазароуп абџьар азы ашәҟәы, иара ишитәу зыршаҳатуа, ашәарыцаразы аблеҭ", - иҳәеит Ақәраа.

Аӡҩыбжьа имҩаԥгахо аицлабра еиҿнакаауеит Ахысразы Аԥсны афедерациа Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак адгыларала.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0