Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Охота на перепела
Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
Анапаҵаҩра
Ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа акыр ирацәоуп. Ашәарыцаҩ иҽазыҟаҵароума, даныбназо аума, дхынҳәны данаауа аума – еиуеиԥшым ритуалла ибеиоуп. Ашәарыцаҩ иныҳәашьеи ашәарыцаратә етикеи азҵаарақәак дрылацәажәоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Уа уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит!"

Ашәарыцара аԥсуаа рынхашәаҿы иалкаау аҭыԥ амоуп. Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы ауаа хныҟәгарас ирымаз ираԥхьагылан ашәарыцара. Иахьатәи абџьар рнапахьы иааргаанӡагьы излашәарыцоз ахыци ахәымпали рыла акәын. Шәарыцара ианҭыҵуаз иара ихаҭа иеиԥш иҭаацәагьы рхымҩаԥгашьа иацклаԥшлар акәын. Ашәарыцаҩ абназара иҽаназикуа ҩымчыбжьа-хымчыбжьа раԥхьа заа аҽазыҟаҵара далагоит.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2018
Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак

Раԥхьа игылоу ақьабзгьы - уи доуҳалатәи иҽрыцқьара ауп. Ашәарыцаҩ иҭаацәа дрылҵны хазы қәацәк аҿы дыԥхьон, ифатә-ижәтәгьы хазын, аҭаацәагьы уи дыхҭаркуамызт, анхамҩатә усқәа идырҟаҵомызт. Аҭаацәа рыҩнуҵҟа дара-дарагьы ҳаҭырла еицәажәон, имгәамҵхамҵкәа. Аԥсҭа дҭаларц дандәықәлозгьы иҭаацәа рҟынтәи ҟәыхк игон (ахцәы, мамзаргьы рымаҭәа аҟынтәи изакәызаалак ҟәыхк). Нас уи дара идмырбакәа џьара ибылуан: "Сара саанӡа аҭаацәа рҿы џьара цҭәык ҟаларгьы, ԥырхагас Анцәа исумҭан" ҳәа. Уимоу амҩан данцоз иԥылозгьы рҟәыхк ирҭон "Ажәеиԥшьаа дузылԥхааит" ҳәа иаҳәаны.

Данцо, ашьыжь шаанӡа уаҩы иҽимырбакәа иҽӡаны дцоит, аӡәы дибаргьы иқәҿиҭыр ҟалаӡом, "уабацои" ҳәа дҵааӡом, димбазшәа ҟаиҵоит. Гәыԥҩык еиццозаргьы убасҵәҟьа, дара еибырҳәоит аамҷыдарахаз, егьырҭ аӡәы рҽимырбакәа ицароуп. Иандәықәлоз, "Ҳахьцо ашьха, улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ, бзиала уаҳхылаԥш!" ҳәа ашәарыцара анцәахәы иҳәаны, рлабашьақәа ахәышҭаара иҽҳәыршьуан. Уи ҵакыс иамаз, зымшьҭа цәгьоу ауаҩы дрықәшәар, имшьҭа хнаҽып ҳәа акәын.

Ашәарыцаҩ иабџьар аашьҭыхны шәарыцара данцалак ашьҭахь иҩны ҭыӡшәа ҟамлар акәын. Знык дхысны акагь анизымшьлак, ишьҭахьҟа дгьежьуан, хымԥада ҭыӡшәак ыҟоуп ҳәа.

ашәарыцара асезон - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2017
Ашәарыцара абзиабаҩцәа ирдырыр иахәҭоу

Аҭыԥ аҿы иахьнеиуаз ашәарыцацәа аҭыԥ иахылаԥшхәу ирманшәаларц азы агәаҵәа кны иныҳәон, абас еиԥш ажәақәа ҳәо: "Уа уцара ззымдыруа, уаара еигәырӷьааит!" ҳәа. Убри аан аҩы адыргалаӡомызт, ахарҵәы (ахарҵәыӡҩа) акәын иааныркылоз. Иныҳәо ацәымш (аиҳабы) иоуп. Иахьагьы ашәарыцацәа аԥсҭа ианҭало аныҳәара мҩаԥыргоит Ажәеиԥшьаа дырхылаԥшырц, аха ажәытәи иахьатәи аиҭакрақәа шрымоу убоит. Иаҳҳәап, ашьха ихалаанӡа агәыԥ ҭыԥк аҿы, ҩнык аҿы, ма ԥацхак аҿы еиқәшәаны еибаныҳәоит, ашьхантәи ианылбаалакгьы убасҵәҟьа ҟарҵоит.

Ашәарыцаҩ абна афҩы ихалароуп

Ашәарыцаҩцәа ишазгәарҭо ала, ашьха ихало иԥсы цқьазароуп. Угәы цәгьарак ҭаны иҟазар, уеиқәшәаӡом, уимоу амашәыр уақәшәаргьы ауеит. Ашәарыцацәа рҭыԥ аҟны иахьыԥхьо, акрахьырфо, иахьынатәо, дара акрыфара нап адыркаанӡа Ажәеиԥшьаа ихәы ҳәа мгьалума, шәума, хазы инықәырҵоит, нас акраафаны шәарыцара иҭыҵуеит. Убри аан ашәарыцаҩ акыр дныҟәароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. "Абнафҩы ухылаанӡа Ажәеиԥшьаа духаҵгылаӡом, агьуиҭаӡом" рҳәоит. Насгьы ашәарыцаҩ имч зықәхо еиҳаны ишьыр ҟалаӡом, аԥсыцәгьара аарԥшра ҵасым. Аӡәы дақәшәаны, дманшәалаханы хәба изшьӡозаргьы ҩба ракәын иишьуаз, изаамго ишьуамызт. Иушьызгьы аҭыԥ иқәуҵаанӡа ҽакы уашьҭалар ҟаломызт. Ашәарах зшьыз ишәақь ааиваргыланы дырныҳәон.

Убас сара 2007 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭа иеиуоу Тәанба Хәыра исзеиҭеиҳәеит ашәарыцаҩ дшырныҳәоз:

"Са саб ашьха дцалон. Нас уа ишәарыцоз аҷкәынцәа ыҟан. Ашәарах шьны ианааргалагь, акәац жәны ианааҭырхлагь, дыливаргыланы, ишәақь лаиваргыланы, "уахьнеиуазаалагь ухымҭа камшәааит, шәарахла ухиаат, адгьыл узбзиахааит, иахылаԥшу духылаԥшзааит, Ажәеиԥшьаа духылаԥшзааит!" ҳәа абри рҳәон. Аҳаскьын иқәрыԥсон, ишьны иааигазгьы иақәрыԥсон, иаргьы иқәрыԥсон", - ҳәа еиҭеиҳәон иара.

Шәарыцара ианцоз аҩны иандәылҵуаз рыҽӡаны ицозҭгьы, ашәарах шьны ианаауаз "Ажәеиԥшьаа рашәа" рҳәон, ихысуан. (Акгьы рмоукәа иаауазар, ихысуамызт, ашәагьы рҳәомыз.) Ирҳәоит Ажәеиԥшьаа рашәа анырҳәоз ашәарах хыхь ахра ихалан иӡырҩуан, убриаҟара ихаан ҳәа. Нас рҩызцәагьы ирдыруан, ирԥыланы реидара рымырхуан, ашәа рыцҳәо аҭыԥ ахь рҿаархон.

Ашәарыцара аетикет

Ашәарыцара аетикет ахь иаҵанакуеит иара убас умч зқәымхо умшьыр ахьакәу адагьы, ишьтәугьы удыруазароуп. Ашәарыцаҩ идыруазароуп ашәарах анеишьҭоу, ианеилго ҳәа иҟоу аамҭақәа. Усҟан уи дшәарыцом. Иаҳҳәап, ашьабсҭақәа аԥшқа рыцны ирбар, иреихсуамызт. Уажәы дара ашьабсҭақәагьы маҷхеит. Урҭ реиԥш ирацәоуп аиаӡаара иаҿу ашәарахқәа.

Ашәарыцара, абназара иамоуп иара ахатәы "абнатә бызшәагьы", уи иазкны иаԥҵоуп имаҷымкәа аусумҭақәа. Ашәарыцаҩцәа злеицәажәо абри абна бызшәалоуп. Аҭыԥ аҿы шамаха алафгьы рҳәом, аԥҳәыс лыӡбахәгьы иалацәажәом. Аӡыхь цқьаҿы инеины ақәабгьы ҭарӡәӡәомызт, уи аҭыԥ уҟьашьит аанагон. Ашьха ахаҭа иԥшьоу ҭыԥны ишахәаԥшуаз ала, ражәеи руси ацқьара ацзар акәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0