Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахы инаркны аҵыхәтәанӡа иахысыз, Мраҭашәареи Мрагылареи афронтқәа ирылахәыз, Леон иорден занашьоу, Ҭырқәтәылантәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчаз Али Ашәба ҳаниацәажәоз, иаҳнырит уи иԥсадгьыл ахь имоу агәыбылра шаҟа иҵаулоу. Иара убас иара иҳамеидеит игәалашәараҟны ныхшьа змам Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациаан дызлахәыз ахҭысқәа жәпакы.
"Аҟәа ахақәиҭтәра аамҭазы сара сыҟан Каман, агәыԥ "Гроза" сацны, Адгәыр Ҳаразиа, Саид Ҳаразиа, Баҭал Аҩӡба, сашьа Беқьир Ашәба, Ҭарых Ашәба уҳәа, убас еиԥш аҷкәынцәа рацәаҩны ҳаицын. Раԥхьа ҳанжәыла, армарахьгьы, арӷьарахьгьы "ателевышка" ала ачқәынцәа лбаараны иҟан. Арӷьарахьынтәи излымбааӡеит иҟалаз даҽа жәыларак иахҟьаны. Арахьгьы аҷкәынцәа албаара рылымшаӡеит, ҳара ҳцеит. Абра атанк ахьыԥжәаз Каман акәын ҳахьыҟаз", - игәалаиршәоит аибашьҩы Али Ашәба.
Иара хьаала игәалаиршәоит Аиааира абара амш иазыԥшыз, аха уи иахьымӡакәа иҭахаз аибашьцәа рыӡбахә. Акыр ицәыуадаҩуп урҭ ахҭысқәа ргәаларшәара, еиҳаракгьы аибашьра адәаҿы ибла ишабоз иҩызцәа анивыршьаауаз амшқәа.
"Адгәыр Иналиԥа дҳацәҭахеит усҟан, ихәыз аҷкәынцәагьы ыҟан. Ҳтанк ԥжәаанӡа, даргьы танкла иҳажәлахьан. Уа ааигәара ҩнык ыҟан, убри ашьҭахь шыҟаз ҳнеиуан, дара аҩбатәи аихагыла аҟынтәи ихысуан, исгәалашәоит аҭӡы илеиз сҟәаҟәа ишықәҳаз. Убас еиԥш ҳаизааигәахеит ақырҭқәеи ҳареи, ҳара аҩны авара ҳгылазар, дара аҩны ашҭа иҭалахьан, убас еиԥш ҳаиҿаххит, хметрак-хәметрак раҟара ҳабжьаны", - дҳацәажәон Али Ашәба.
Али дызлацәажәо ахҭыс анымҩаԥысуаз амш, цәыббра 18 аҽны ҳаҷкәынцәа рыгәҭакы рзынамыгӡеит, рышьҭахьҟа ихынҳәыр акәхеит, рыгьежьрагьы акыр иуадаҩхеит.
"Шьҭахьҟа ҳаныгьежьуаз, ҳҩыза иҭахаз Адгәыр Иналиԥа дҳаманы ҳцеит. Даара сгәы иалоуп, Аџьба ҷкәынак дыҟан, "Пятница" ҳәа иаҳҳәон, зегь иреиҳау 16-ҟа шықәса ихыҵуан, даҳзеиқәмырхеит. Каман зауадшәа ак ыҟан, убра ҳтәан, ҳахьыҩназ аҩнуҵҟа ахысбыжьқәа рацәахеит, аӡәы иеихсит, даԥсыуан рыцҳа, ихы еилаԥсан, ахысра далагеит, убасҟан абни Аџьба хәыҷы иаахеит. Ихәра аҿаҳәара саналага, даасыхәаԥшын: "Сыԥсуама?" - иҳәагәышьеит, рыцҳа. "Ухаҵами, уҽырӷәӷәа, абааԥсы", - ҳәа наиасҳәеит, агәыр изыҟасҵан амашьына дақәаҳҵан, ддәықәаҳҵеит. Деиқәхаз џьысшьон, ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан, жәохә мшы рнаҩс дыԥсит ҳәа саҳаит…" - игәалашәарақәа ҳацеиҩишон аибашьра аветеран.
Адгьыл амца амкуан, аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы ҳаибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкы иазцон. Мҩа заҵәык акәын ирымаз, Аиааирахь уназгоз амҩа. Аха имариамызт уи ус анысра, агәаӷьреи, ачҳареи, аԥсҭбарақәеи зцыз амҩа.
"Уахык ҳаԥсы ааиҭаҳкит. Нас Ҭырқәтәылантәи аҷкәынцәа ргәыԥ цхыраара иаҳзааит, урҭ ԥыҭрак иҟан. Дук мырҵыкәа ар реиҳабацәа ҳаԥхьеит, ус ҳарҳәеит: "Еиҭах ҳжәылоит, урҭ "ас иамуӡеит даҽакала иҳажәлоит" ҳәа иаҳзыԥшуп, ҳара ҳашцаз еиԥш ҳцоит", - ҳәа. Адырҩаҽны ҳандәықәла уиаҟара аџьабаа ҳамбаӡеит, еиҳа ибзианы ҳцеит, нас ацхыраарагьы ҳауит, хыхьынтәи иԥжәоз абомбақәа ҳаргьы иаҳзаарышьҭит, убас Каман ҳгеит. Нас шәымцан рҳәеит, аха арымарахь қыҭак ыҟан, Адгәыри Ҳаразиеи сареи уахынла ҳцан, ҳахәаԥшит аӡәыр дыҟазар ҳәа, излаҳбаз ала, иаҳгарц ҳалшон. Аӡәгьы иамҳәаӡакәа ашьыжьымҭан, амра гылаанӡа ҳжәылан, уи ақыҭагьы ҳгеит, анышәынҭрақәа рҿы иҭатәан дара, нас даҽа ҩнык аҿгьы иҟан", - абас, ахҭысқәа дыргәыланахаланы дҳацәажәон Али Ашәба.
Али излаиҳәо ала, Ҷанба имҩаду ала ижәыларц иалагеит аӷацәа. Аха усҟангьы ҳаӷацәа рыгәҭакы рзынамыгӡеит, ҳаибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵара иабзоураны.
"Адгьылқәа ҳжит ҳахьҭатәашаз. Уахынла арациала ахабар ҳауит "Аҟәа ҳалалеит" ҳәа. Ҳаргьы ҳабџьарқәа аашьҭыхны ҳжәылеит, убас Аҟәа ҳалалеит, Ҷанба аганахь ала ҳнаскьо ҳааит. Ҷкәынак дааин, "арациала ирҳәоит Аҟәа ҳара ҳнапахьы ишааҳгаз" ҳәа, нас аӡәы арадио иман, Ҭырқәтәылатәи аканал ҳкын, радиола ҳазыӡырҩуан. Уа ҭырқәшәала аинформациа ахьцоз ус рҳәон: "Аибашьраҿы аԥсуаа Аиааира ргеит ҳәа, абас арадио ала иҳаҳаит ажәабжь бзиа", - иҳәеит Али Ашәба.
Усҟан Али дызлаз агәыԥ Ҷанба илбаахьан, Мраҭашәареи Мрагылареи аибашьцәа реиқәшәара иацыз агәырӷьареи ахьаагареи ус ажәала аиҭаҳәара мариам.
"Аҷкәынцәа зегьы Егрынӡа ҳцеит, уа ҳаиқәшәеит. Мрагыларатәи аган аҿы сара сыршьызшәа раҳаит зны, даҽазных иԥсы ҭоуп, абааԥсы, ииашаӡам ҳәа раҳауан. Сашьцәа, сҩызцәа, сыздыруаз ыҟан, урҭи ҳареи ҳанеибаба, "уԥсы ҭоума, сыԥсы ҭоума" ҳәа ҳаигәыдеибаҳәҳәалеит. Аимадара ыҟамызт, аигәныҩрагьы уадаҩын", - ихәыцрақәа ҳацеиҩишон Али Ашәба.
Надараиа Аҟәа ахақәиҭтәразы: Аԥсны алахьынҵа аныӡбахоз аамҭа акәын>>
Аԥсҭазаара ишқәыԥшӡаз аԥышәара иҭанаргылеит ҳаибашьцәа. Ирызҭаз аԥсуа гәаӷь, ирылаз Афырхаҵара иабзоураны, иахьа ҳанхоит иаҳзааргаз аҭынч жәҩан аҵаҟа. Ҳаԥсадгьыл иахашәыршәыршәуеит ҳаибашьцәа ршьала иҿыху ҳбираҟ ԥшӡа, ҳаԥсадгьыл иқәыҩуеит аԥсуа шьҭыбжьы, ахәыҷқәа рыччаԥшь. Уи еиҳау иарбан насыԥу иҟоу?!
"Аҿар сахьрыхәаԥшуа, ашколхәыҷқәа сахьрыхәаԥшуа сгәы еизҳауеит, Аԥсназы аԥеиԥш бзиа рыманы ишеизҳауа убарҭоуп. Аибашьра аамҭазгьы, аибашьра анеилгагьы, аибабара даҽакала иҟан. Амамзаара ыҟан, аԥарагьы ыҟамызт, аха иумазаргьы, иааухәоз ача ыҟамызт. Исгәалашәоит, Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа сишьҭит, џьара чашылак узаагозар ҳәа, ауалафахәы маҷын. Амамзаара ыҟазаргьы, зегьы еицхыраауан, еибабон", - дҳацәажәон аибашьра аветеран.
Али Ашәба, абар мызкы иназыԥшуеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара дааижьҭеи. 21 шықәса ҵуан дмааижьҭеи, дааиргьы, мышқәак даанхон, нас деиҭахынҳәыр акәын. Ибарҭоуп еилыкка иԥсы еиԥш бзиа иибо Аԥсны ҭагылазаашьа, изну аҿиарамҩа.
"Аԥара ыҟамкәа аԥсҭазаарагьы ҟалаӡом, аха ҳдоуҳатә беиарақәа аԥхьа иҳаргылароуп. Ауаа рҭагылазаашьа еиԥшӡам, иҟоуп зынӡа измоу, мамзаргьы зынӡа измаӡам, абжьартәқәа ыҟамшәа сзааит. Аԥсуаа амашьына бзиақәа ракәым, иреиӷьу аҳаирпланқәа ирықәтәааит, уи гәадуроуп. Аха ашкол ахь зхәыҷкәа 20 мааҭ рыҭаны зышьҭра зцәыуадаҩу аҭаацәа рҭагылазаашьа ҳазхәыцып", - ҳәа азгәеиҭоит Али Ашәба.
Али Ашәба, арҭ амшқәа рзы иашьа Ҭанер Ашәба иҿы дынхоит. Иԥсадгьыл игәазхара избом, ҭыԥцыԥхьаӡа ҽыҭ-ҽыҭ еимидоит, ихәыцракәа деимаркуеит, ишьапы зықәгылоу аԥсуа дгьыл иҷыдоу доуҳамчк инаҭоит.
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп>>
"Аԥсуа қыҭақәа срызгәыдууп, ақыҭауаа бзиа избоит. Жәаха ҽнак Аҷандараҟа ҳцон, амҩа ҳацәыхҟьан, даҽа қыҭак ҳалалеит. Ҩнык аҿы ҳаангылан, сыбжьы сырган, хаҵак даадәылҵит. Аремонт даҿызаарын, хыхь акгьы ишәӡамызт, "шәаангыл" иҳәан, икьаҿ ишәҵаны дааит. Ҳазиазҵааз аҭак ҳаиҳәеит, амҩа ҳзеиҭеиҳәеит, ус: "Шәымҩахыҵ, ӡык ҳнахәап, нас шәцап", - иҳәеит. Абри ауп сара сзы аԥсуара, схәы-сжьы еилагылеит, сцан дгәыдыскылап ҳәа сгәы иаанагеит. Ҳазхылҵыз зегьы қыҭауаауп. Сара Ҭырқәтәыла Џьгьарда ақыҭа сеиуоуп, аха ақыҭа самааӡаӡеит. Уажәы уа адгьыл аахәаны ҩнык ҳаргылеит. "Уабатәиу?" ҳәа аӡә дсазҵаар, "сара с-Џьгьардатәуп" сҳәоит сгәы шьҭыхны еснагь, ҳара ҳашьхарыуа жәларуп аԥсуаа. Ашьха ҳатәуп ҳәа згәы шьҭыхны изҳәо адунеи аҿы ҳара ҳауп иҟоу аԥсуаа", - ҳәа игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишон Али Ашәба.
Ирацәоуп Алии сареи ҳазлацәажәаз азҵаарақәа, еиҭеиҳәаз ахҭысқәа. Урҭ зегьы гәыцәс ирымаз Аԥсни, аԥсуареи, аҭоурыхи разхьаԥшра акәын.
"Ҭырқәтәылантәи санааи ауха акыр аамҭа ҳаидтәалан Ҭанер иҩнаҭаҿы, сашьцәа, сҭынхацәа, сҩызцәа уҳәа ҳгәазхара ҳзеибамбо ҳаицәажәон. Ауха аҭаацәа зегьы аныцәа, ашьшьыҳәа сгыланы, адәахьы сдәылҵит, сеимаақәа сышьхны адгьыл сықәгылеит, сыԥсадгьыл гәхьаазгон, сгәазхара исызбомызт. Уажәазы сыԥсадгьыл ала сгәы сырҭәырц сҭахуп, нас аԥсуааи аԥсуареи рыла, адгьыл аҳақ амоуп, амч ӷәӷәоуп", - дҳацәажәон Али Ашәба.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ, аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, Аԥсны аҭоурых зыхьӡ-зыԥша анызҵаз Али Ашәба ишьапы зықәгылоу, ишьа злоу аԥсуа дгьыл иара изы иҳалалуп, иҳалалӡа ишиԥылаз еиԥш Аԥсны!
Уи арахь дааит наӡаӡа иҵәҩаншьап араҟа иаирсырц, ихәышҭаарамца еиқәиҵарц. Аҭаацәара аԥҵара аразҟгьы имеижьеит. Убас, иахьа аԥснытәи аҭыԥҳа Бганԥҳа Есмеи иареи рынасыԥқәа анеиларҵо амш акәхеит.
Ирзеиӷьаҳшьап нас арҭ аҩыџьа зцаныло аԥсҭазаара амҩа лашазарц, рыԥсадгьыл аҿиарамҩа иагәҭылсаны иҟаларц!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара
Аԥсадгьыл - бырлашуп: Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба иҭоурых
"Агәалашәара амҩала": Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз аԥсуаа